pressadmin-2
Аҩаша, 13 Жьҭаара 2026 12:04
Иахьа 27 шықәса ҵит «Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы акт» анапы аҵаҩуижьҭеи
Жьҭаарамза 12, 1999 шықәса рзы Аҳәынҭқарра ахада Владислав Арӡынба, Апарламент аиҳабы Сократ Џьынџьал, Апарламент адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы акт»рнапы аҵарҩит. Ари ахҭыс иаԥхьанеиуан жьҭаарамза 3, 1999 ш. иҟаз ареферендум, уи аихшьаалақәа рыла 97,7% атәылауаа абҵарамза 26, 1994 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу асовет иаднакылаз аус зуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иақәшаҳаҭхеит.
Икьыԥхьуп
Ажәабжьқәа
Tagged under
Ашәахьа, 12 Жьҭаара 2026 10:18
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц диԥылеит ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков
Аиԥылара мҩаԥысит Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭаҿы ҳәа аанацҳаит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура. Аганқәа алацәажәеит аԥсуа-аурыс усеицура аҭагылазаашьеи ԥхьаҟатәи аҿиареи, иара убас ҩ-ганктәи аинырра апрактикатә зҵаарақәа.
Икьыԥхьуп
Ажәабжьқәа
Tagged under
Ашәахьа, 12 Жьҭаара 2026 10:14
Аԥсны атәылахьчара аминистрреи, аштаб хадеи, Арбџьармчқәеи 34 шықәса рхыҵра иазку аныҳәатә еизара мҩаԥысит атәылахьчара аминистрра акттә зал аҿы
Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба аруааи арбџьармчқәа рветеранцәеи дрыдныҳәалеит:
Икьыԥхьуп
Ажәабжьқәа
Tagged under
Ашәахьа, 12 Жьҭаара 2026 10:11
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афырхацәа ирызку ацәыргақәҵа «Европа ахы иақәиҭызтәыз» аатит ААУ аҿы
Аекспозициа еиҭанаҳәоит Европа анацизм аҟынтәи ахақәиҭтәра иалахәыз 12-ҩык аибашьцәа рҭоурых, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥснынтәи фҩык аветеранцәа.
Икьыԥхьуп
Ажәабжьқәа
Tagged under
Ахәаша, 09 Жьҭаара 2026 10:54
Аицлабра «Аԥсны акоманда» алахәылацәа 15-ҩык аҩбатәи асезон аҿы аиааира ргеит
Аицлабра афиналистцәа 60-ҩык рҟынтәи жәохәҩык аиааира ргеит:
Икьыԥхьуп
Ажәабжьқәа
Tagged under
Ахәаша, 09 Жьҭаара 2026 10:53
Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа акатерқәа ԥшьба аиуит
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Алиас Аҩӡба ишиҳәаз ала акатерқәа ахархәара рыҭахоит ареспублика аӡымҽхак агәаҭаразы, аԥшааратәи аиқәырхаратәи операциақәа рымҩаԥгаразы, иара убас аӡхәыҵаларатә усурақәа рымҩаԥгаразы.
Икьыԥхьуп
Ажәабжьқәа
Tagged under
Ахәаша, 09 Жьҭаара 2026 10:50
Ашәҟәыҩҩцәа Владимир Занҭариеи Анатоли Лагәлааи ргәалашәара иазку ахәылԥаз мҩаԥгахоит жьҭаарамза 13 рзы, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр афоие аҿы
Ахәылԥаз мҩаԥгахоит аԥсуа-адыга литературатә фестиваль «Риҵа арифмақәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны. Афестиваль 2026 шықәсазы зыԥсҭазаара иалҵыз Занҭариеи Лагәлааи ргәалашәара иазкуп.
Икьыԥхьуп
Ажәабжьқәа
Tagged under
Ахәаша, 09 Жьҭаара 2026 10:48
Ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьал аҵаратә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит абуллинг апрофилактика дырӷәӷәарц, аҵаҩцәа рыбжьара ақәымчра ахҭысқәа ианаамҭоу ирықәҿырҭларц
Абри атәы аҳәоит аҭаацәеи арҵаҩратә еилазаареи рахь иҟалҵаз ааԥхьараҿы.
Икьыԥхьуп
Ажәабжьқәа
Tagged under
Ахәаша, 09 Жьҭаара 2026 10:45
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Аҟәа В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Ахьӡ-аԥша амузеи даҭааит, дахәаԥшит аекспозициа ҿыц «Афырхаҵа имҩа»
Апроект нагӡоуп Урыстәылатәи Афедерациа акультуратә аԥшьгарақәа рзы Ахада ифонди Нижегородтәи аобласт агубернатор Глеб Никитини рыцхыраарала. Азалқәа реиқәыршәареи апроект атехникатә нагӡареи мҩаԥгоуп Нижни Новгород ақалақь ахадара ақалақьтә мазареи адгьылтә ресурсқәеи рнапхгараҭаразы аилак ахантәаҩы Светлана Помпаева хаҭала далархәны.
Икьыԥхьуп
Ажәабжьқәа
Tagged under
Ахаша, 07 Жьҭаара 2026 10:45
Асовет еибашьцәа рфырхаҵара иазку ацәыргақәҵа «Европа ахы иқәиҭызтәыз» аатуеит ААУ аҿы
1944-1945 шықәсқәа рзы анацизм аилаԥыххаареи Европа ахақәиҭтәреи рҿы злагала дуу асовет еибашьцәа рфырхаҵара иазку асахьаркыра-документалтә цәыргақәҵа «Европа ахы иқәиҭызтәыз» аартра мҩаԥгахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы жьҭаарамза 9, асааҭ 11:00 рзы.
Аекспозициа шьаҭас иаиуит Европатәи аҳҭнықалақьқәа 13 рхақәиҭтәра иалахәыз афырхацәа рҭоурыхқәа.
Икьыԥхьуп
Ажәабжьқәа
Tagged under







