Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа зхадараҿы дыҟоу аусуратә гәыԥ аилазаараҿы иҟоуп:
– Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба,
– аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба,
– абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Ҳалуашь Беслан,
– Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә илакы ахантәаҩы Шергелиа Ҭемыр,
– асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба,
– ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Едгар Бениа,
– афинансқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Ирма Амҷба,
– Аминистрцәа реилазаара Аппарат финансла аиқәыршәара аусбарҭа аиҳабы Асида Ҭарба, – афинанстә експерт Сериков Дмитри,
– Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд ахантәаҩы Бакәыр Бебиа,
– Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Афонд анагӡаратә директор инапынҵақәа назыгӡо Михаил Габелиа,
– Атәанчаратә фонд ахантәаҩы Денис Гәлариа,
– Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса афонд ахантәаҩы Валентина Жьиба,
– 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Аҳәынҭқарратә ибиуџьаттәым рфонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарба.
Аилатәара иалахәыз азакәан апроект аԥҟарақәа ирылацәажәеит, ажәалагалақәеи ахҳәаақәеи ҟарҵеит, уи аусеиҭадулара ахырхарҭақәа рзы ргәаанагарақәа еимырдеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз анапынҵала, аусуратә гәыԥ 2025 шықәса абҵарамза 3-рҟыӡа «Иаку асоциалтә шәахтә азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиӷьтәра иазку ажәалагалақәа Аҳәынҭқарра Ахада иҟны инанагароуп.