АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Цәыббра.2025

33 шықәса раԥхьа аԥсуа — ақырҭуа еимакы аҭышәныртәаларазы анапы аҵаҩын Москватәи аиқәшаҳаҭра.

Аҟәа. Цәыббрамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 3 рзы 33 шықәса ҵит  Москва ақалақь аҿы Урыстәыла, Қыртәыла, Аԥсны ахадацәа реиԥлара аҿы аԥсуа — ақырҭуа еимакы аҭышәныртәаларазы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаԥысижьҭеи.

Цәыббрамза 3, 1992 шықәса рзы  Москва ақалақь аҿы Борис Ельцин, Едуард Шеварнаӡе, Владислав Арӡынба реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара иара убас иалахәын Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рнапхгаҩцәа.

Ари акыр иуадаҩыз аиҿцәажәарақәа ракәын, урҭ аибашьра аанкылара, ақырҭуа ар ралгара, наҟ-ааҟ аҭҟәацәа рырхынҳәра, усҟантәи аамҭазы жәанызқьҩыла иҟаз ахҵәаҵәа рыргьежьра, ареспублика зегьы иахьаҵанакуа анапхгаратә усбарҭақәа русура аиҭахацыркра азԥхьагәазҭо аихшьаалатә усшәҟәы анапаҵаҩрала ихыркәшахеит.

Аԥсны анапхгаҩцәа аусшәҟәы анапаҵыҩра аамҭазы атема ишахәҭоу ала аилкаареи рхатә ажәалагалақәа ралагалареи рзы алшара рымаӡамызт. Владислава Арӡынба зхадараҿы дыҟаз аԥснытәи аделегациа даара акыр иақәыӷәӷәон аҟнытә, аиԥылараҿы ирыдыркылаз адокумент Қырҭтәыла «аҵакырадгьылтә акзаара аиқәырхара» азԥхьагәанаҭон, ақырҭуа еибашьцәа Аԥсны ралҵра хымԥадатәуп ҳәа арбамызт.

Аха Владислав Арӡынбеи аԥснытәи аделегациеи уеизгьы ирылдыршеит хатәгәаԥхарала еибашьра Аԥсныҟа иааз рықәыӡбара зныԥшуаз апункт атекст алгара.   Аусшәҟәы адкылараан зегьы реиҳа иԥықәслараны иҟаз уи арегион аҿы аҭынчра ашьақәыргыларазы ихадаз – зыԥшра ҟамҵакәа Аԥсны аҵакыра аҟынтәи Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа ралгара атәы зҳәоз апункт аҟамзаара. Уи амыцхәрас атекст иарбан «архәҭақәа аиҿагылара азона аҟынтәи реиҭаҵра», уи ашьҭахь «Ареспублика Қырҭтәыла арбџьармчқәа иарбоу аиқәшаҳаҭра ахықәкқәа рынагӡаразы ихымԥадатәиу еиқәшаҳаҭу аҩаӡара иахысыр шыҟамло» атәы зҳәоз апункт.

Аибашьра аҭышәныртәалара иазынархаз аиԥылара ахыркәшара ашьҭахь, Урыстәылеи, Қырҭтәылеи, Аԥсныи рхадацәа апрессахь ицәырҵит.

Араҟа Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анапаҵаҩра ашьҭахь иҳәеит: ари ақьаад инапы заҵаиҩыз ашьаарҵәыреи аԥсуааи егьырҭ ажәларқәеи рганахьала имҩаԥысуа агеноциди раанкыларазы ауп. «Ари адокумент аҿы «ашьацҳәақәа» шыҟоу иаартны исҳәоит», -ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Москватәи аиқәшаҳаҭра ишаҳәоз ала, цәыббра 5 асааҭ 12 рзы амчра аиур акәын хганктәи аиқәшаҳаҭра. Аха аус аҿы иарбоу аиқәшаҳаҭра пункт иадамхаргьы ақырҭуа ган ала инагӡамхеит. Аиқәшаҳаҭра амчра анаиу жәа-минуҭк рнаҩс Қырҭтәыла имҩаԥнагаз ажәылара ала даҽазнык иаанарԥшит «аԥсуа зҵаара» аӡбара аибашьратә мҩала мацара ишашьҭаз.

Хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, цәыббрамза 5, асааҭ 12:00 рзы Москватәи аиқәшаҳаҭра азинмчы аиуит, аха 10 минутк рышьҭахь  Гагратәи ахырхарҭала Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа акәылӡтехника ахархәарала аԥсуа еибашьцәа рхырӷәӷәарҭақәа иреихсуа иалагеит. Аҽнынтәарак ахысра еихсыӷьуамызт.

Қырҭтәылатәи архәҭақәа Гәымсҭатәи афронт аҿгьы атанкқәа рыла, авиациа ахархәарала ажәылара рҽазыршәеит. Урҭ хықәкыс ирыман Гәдоуҭа ақалақь агара, иара убри ала Аԥсны ахьчаҩцәа рҿагылара ахәаҽра. Аха Аԥсуа ари Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәеи еицхырааны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ржәылара ааныркылеит.

Цәыббрамза  6, 1992 шықәса рзы – Гәдоуҭаҟа ихынҳәыз Владислав Арӡынбеи уи ицыз аделегациа алахәылацәеи апресс-конференциа мҩаԥыргеит. Араҟа урҭ Москватәи аиԥылараҿы Аихшьаалатә усшәҟәы рнапы заҵарҩыз атәы еиҭарҳәеит.

Владислав Арӡынба Москватәи аиԥылара аихшьаалақәа рзы ихатә гәаанагара иҳәеит. Уи аԥсуа ган есымша аполитикатә мҩала апроблема аӡбара ишадгылоз, аха уажәы Қырҭтәыла иҟоу арежим амчра ахархәарала азҵаарақәа рыӡбара иашьцылахьеит ҳәа инаҵшьны азгәеиҭеит. «Иара (Е.Шеварнаӡе – АП аред. азгәаҭа) амчрахь дызланеиз амҩа ҳгәалаҳаршәар азхоит, анаҩс уи иацҵан Аахыҵ Уаԥстәылеи Гыртәылеи «азакәанра ашьақәыргылареи аҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи раан».

Иарбоу аихшьаалатә усшәҟәы далацәажәо, Владислав Арӡынба, аиԥылараҿы Қырҭтәыла иазыманшәалаз авариант рышьҭырц акыр ақәыӷәӷәара ҟарҵон ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

«Ҳара ари авариант ҳнапы аҵаҳҩыр акәхеит, мап анакәха, адунеизегьтәи ауаажәларратә еилазаара аҿаԥхьа ҳара аиҿцәажәарақәа ахыбгалара зхароу раҳасабала ҳаақәгылон, ашьакаҭәара ҳадгылоит ҳәа ахарагьы ҳадҵахон усҟан», - ҳәа иҳәеит Владислав Арӡынба.

Иара ақырҭуа ган ахара рыдиҵеит Москватәи аиқәшаҳаҭра аилагаразы, иара убас Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовети Анапхгареи Аҟәаҟа рыхынҳәра Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа зегьы ақалақь иалгамкәа ишзалмыршахо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Уи иҳәеит абас: «Ҳара автоматқәа ҳақәкны аусура ҳақәшаҳаҭӡам».

Жьҭаарамза 1 - 6 рзы – аԥсуаа Гагра ақалақьи Гагра араиони Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахы ақәиҭтәра азы  ажәылара аԥшьыргеит. Жьҭаарамза 1  – асааҭ 17:00 рзы аԥснытәи архәҭақәеи хатәгәаԥхарауаа ротриадқәеи еицхырааны ажәылара иалагоит, Колхьыда аҳабла (уажәы Ԥсахара) ааныркылоит, жьҭаарамза 2 рзы ахы иақәиҭтәхеит Гагра ақалақь. Жьҭаарамза 3  рзы  Қырҭтәыла Арбџьармчқәа ақалақь абомбақәа аларыжьуа иалагеит, уи иахҟьаны хыԥхьаӡара рацәала аҭыԥантәи аҭынч уааԥсыра ҭахеит. Жьҭаарамза 4 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз амитинг аҿы Едуард Шеварнаӡе абас еиԥш аҳәамҭа ҟаиҵоит: «Гагра ақалақь уаанӡа еиԥш уажәгьы Қырҭтәыла мраҭашәаратә гәашәқәаны иаанхоит, ҳара уи хымԥада иҳаргьежьыроуп». Ақырҭуа архәҭақәа ҳауала инацҵаны ацхыраара роуеит. Жьҭаарамза 6  рзы аԥснытәи архәҭақәа ахы иақәиҭыртәуеит Леселиӡе аҳабла (уажәы Гечрыԥшь), Ганҭиади (уажәы Цандрыԥшь). Аԥснытәи архәҭақәа Урыстәыла аҳәаа аҟынӡа Аԥсны аҵакырадгьыл зегьы рнапаҿы иааргеит. Уи иабзоураны аҭагылазаашьа акыр аҽеиҭанакит. Абри ашьҭахь «адгьыл ду» ахь аԥсуаа амҩа рзаартхеит.

 

 

 

 


Read 216 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.