АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Цәыббра.2025

2025 шықәса актәи азыбжа иалагӡаны ареспублика акоммерциатә банкқәа рҿы аԥарашьҭаҵа змаз Аԥсны атәылауаа 200 млн. мааҭ инареиҳаны идырҳаит.

Аҟәа. Цәыббрамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 1, 2025 шықәсазы Аԥсны акредиттә еиҿкаарақәа рҿы иҟоу адепозитқәа рзеиԥш еицҵалыҵ  3 млрд. 562,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон, уи 6,6% (251,4 млн. мааҭ) рыла еиҵоуп ԥхынгәымза 1, 2024 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар. Уи аилазаараҿы аиҳарак хазхаҭалатәи ахаҿқәа рԥарашьҭаҵақәа рахь иаҵанакуеит – 89,3% (3 млрд. 182,4 млн. мааҭ).

Ауааԥсыра рԥарашьҭаҵақәа рҟынтәи абжа акоммерциатә банк ала иадыԥхьалоуп аҳәынҭқарра 100% рыла акоммерциатә банк –Иаарту Акционертә Еилазаара Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аԥҟаԥҵәатә капитал аҿы алахәхарала.

Ирыҭаз акредитқәа, мамзаргьы иадыԥхьалаз адепозитқәа бжьаратәла рыпроценттә қәҵа аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы иазҳаит 1,5 % рыла, убас ала уи  11,5% рҟынӡа инаӡеит. 

Хазхаҭалатәи ахаҿқәа Аԥсны акредиттә еиҿкаарақәа рҿы рԥарашьҭаҵақәа рҟынтәи ироуз апроценттә хашәала  2025 шықәса актәи азыбжазы 214,4 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.


Read 249 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.