АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Цәыббра.2025

Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль аделегатцәа Реизара мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль ихадоу аусмҩаԥатәқәа иреиуоу Жәларбжьаратәи аҿар реизара «Россия согревает» иалахәхараны иҟоу реиԥылара мҩаԥысит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы.

Аиԥылара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба, уи ихаҭыԥуаҩ Роман Ҵкәуа, Аҳәынҭеилакы астатс-маӡаныҟәгаҩ Идрис Кара-Осман-оглы, аҿар рыҟәша аиҳабы Беслан Аршба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Инар Гыцбеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра  астратегиатә усеицура адепартамент аиҳабы Џьамал Бганба.

Аҳәынҭеилакы анапхгараҭара  ахаҭарнакцәа еизаз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, ас еиԥш зхыԥша дуу жәларбжьаратәи аплошьадка аҿы атәыла ахаҭарнакра анагӡара иаҵоу аҵакы ахадара азгәарҭеит.

Аделегатцәа еибадырит, имҩаԥысраны иҟоу афорум апрограмма иалацәажәеит, абжьгарақәа роуит.  

Аделегатцәа рахь ихы рханы Ҭарашь Ҳагба  имҩаԥысраны иҟоу ахҭыс иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит:

«Шәара ари Аиԥылара аҿы шәтәыла ахаҭарнакра нашәыгӡоит. Шәара шәхы шаашәырԥшуа аҟынтәи жәларбжьаратәи аилазаара  Аԥсны азы агәаанагара шьақәгылоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп шәара иахәҭоу аҩаӡараҿы шәус шынашәыгӡо».

Арт-класстер «Таврида»  аҿы ареспублика асимволқәа зну иуникалу арт-обиект аԥызҵаз асахьаҭыхыҩ қәыԥшцәа Гарик Асланиани Викториа Ҭаниеи Аҳәынҭеилакы ахьӡала аџьшьаратә шәҟәқәа ранашьахеит. Акластер анхаратә зона аҿы амҿтәы ҩны Аԥсны абираҟи агерби релементқәеи Нарҭтәи аепос аҟынтәи асиужети рыла иҩычан.

Аҿар Реизара цәыббрамза 17 – 21 рзы Нижни Новгород ақалақь аҿы имҩаԥысуеит, уи аибадырреи, аимадареи аԥышәеимадареи рзы иманшәалоу плошьадканы иҟалоит.  

Аусмҩаԥгатә Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи активра злоу аҿар еиднакылоит.

Афорум апрограмма иалагалахоит аиммерсивтә шоу, актуалра злоу атрендқәа рыла абаттлқәа, амастер-классқәа, аворкшопқәа, апресс-аквариум, питчинг, уҳәа аҿар рыпроектқәа, иара убас аекстремалттә спорттә хкқәа.

 

 


Read 248 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.