АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 20:36

Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара азы акциа мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара иазкыз акциа мҩаԥыргеит цәыббрамза 3 рзы Аҟәа ақалақь аҿы.

Традициала уи мҩаԥыргоит нанҳәамза 30 – мчыла ирӡыз Жәларбжьаратәи ргәалашәара амш аҽны. Сынтәа еиуеиԥшым амзысқәа ирыхҟьаны уи маҷк ииагахеит.

1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡоуп  171-ҩык. 47-ҩык рыԥсыбаҩ рхаҭара шьақәыргыланы доусы рҭаацәа ирыҭан.  

Акциа  Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониала иалагеит.  

Иҭахаз аибашьцәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, «Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа» Рхеидкыла ахаҭарнакцәаеи хабарда ибжьаӡыз рыуацәеи рҭынхацәеи, аибашьра аветеранцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәылахьчара Аминистрра аруаа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Анаҩс С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿы имҩаԥысит агәалашәаратә хәылԥазы.

Атеатр афоие аҿы аибашьраан хабарда ибжьаӡыз рфотосахьақәа ықәдыргылеит, урҭ рыҵаҟа ацәашьқәа зҭагылоу ақәаҷабқәа дыргылеит.

Агәыҳалалратә еиҿкаара «Bridqe» аусзуҩ Асҭан Агрба хабарда ибжьаӡыз ирызкны аԥсышәала ииҩыз иажәеинраала даԥхьеит, Аԥсны Жәлар рартистка Лиудмила Гәымба ашәа налыгӡеит.  

Аԥыза-минстр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Хәытаба ареспублика Аԥсны анагӡаратә мчра аусбарҭақәа хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазкны имҩаԥнаго аусура дахцәажәеит.

Ҳааидгыланы хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазку аусура наҳагӡар алшоит, уи ҳазегьы иаҳуалԥшьоуп.

«Ҳара еилаҳкаауеит, хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазку  ари аусура акыр ачҳареи аҽазҵәылхреи шаҭаху. Ҳаҭыр зқәу анацәа, ауацәеи аҭынхацәеи, сара агәра ганы сыҟоуп, ҳааидгыланы хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазку аусура наҳагӡар алшоит, уи ҳазегьы иаҳуалԥшьоуп», – ҳәа иазгәеиҭеит Ҭарашь Ҳагба.

«Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа» Рхеидкыла анапхгаҩы Гәыли Кьычба Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиеи 1992 – 1993 шш. рзы хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара азҵаарақәа рзы Акомиссиеи рыцхыраарала хабарда ибжьаӡыз рыԥшаареи Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы анышә иамадаз аибашьцәа рыԥсыбаҩ ахаҭара ашьақәыргылареи (аидентификациа) рзы аусура шымҩаԥысуаз атәы еиҭалҳәеит. Уи лажәақәа рыла, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 200-ҩык инареиҳаны аԥсуа еибашьцәа, официалла 185-ҩык бжьаӡит ҳәа ишыԥхьаӡоугьы.

Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак Аԥсны ауеижьҭеи аԥсуа еибашьцәа аӡәырҩы рыԥсыбаҩқәа ԥшааны рҭаацәа анышә еиҭарҭаразы ирыҭоуп. Зынӡа урҭ аус руеижьҭеи ирԥшаахьеит 500-ҩык хабарда ибжьаӡыз, 200-ҩык рыԥсыбаҩи урҭ рҟәырҷахақәеи рҭаацәарақәа анышә реиҭаҭаразы ирыҭоуп.

Ари акомиссиа еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы напхгара арҭон Оҭар Какалиа, Леонид Лакербаиа, Индира Варданиа, Иракли Ҭыжәба, Давид Сангәылиа. Уажәы уи напхгара аиҭоит аминистрцәа Реилазаара Аппарат аиҳабы Иаҭыр Ажьиба.

Аԥсуа-қырҭуа еибашьра аналага амш инаркны абар шьҭа ҩажәижәаха шықәса ҵхьеит. Ари аамҭа иалагӡаны, Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиеи «Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа» Рхеидкылеи рылшарала иҭыжьын ашәҟәқәа «Агәыӷра ԥсра ақәым», «Злахьынҵа зцымныҟәаз». Уи аҭаацәарақәа жәпакы рзы агәалашәара иасимволны иҟалеит. Актәи ашәҟәы аҿы икьыԥхьуп хабарда ибжьаӡыз рфотосахьақәеи рбиографиақәеи, аҩбатәи аҿы – урҭ рыуацәеи рҭынхацәеи ргәалашәарақәа.

«Ари 1992-1993  шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан хабарда ибжьаӡыз ирызку ажәабжьқәа реизга мацара акәым. Уаҟа икьыҧхьуп аибашьра анцоз хабарда ибжьаӡыз 151-ҩык рҭаацәеи, ргәакьацәеи, рҭынхацәеи ргәалашәарақәа. «Шамахамзар иуԥыхьамшәо, хабарда ибжьаӡыз аԥсҭазаара ишахәаԥшуаз, ишгәныркылоз зныԥшуа дунеихәаԥшышьоуп», – абас иҩит аҭыжьымҭа иациҵаз аԥхьажәаҿы Аџьар Ҟаҧшь Амиссиа ахада Натан Реис.

Агәалашәара ахәылԥаз аҿы дықәгылеит ззинмчы аҽҳәара ԥхынҷкәынмзазы инҵәо Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа ахада Чынгыз Раиымбеков.

«Хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи амш - ари агәырҩа зыхкьысыз аҭаацәа адгылара рыҭареи ргәырҩеи рхьааи рыцеиҩшареи, ҳәарада ацхыраара рыҭареи иасимволны иҟоуп», – ҳәа иҳәеит Чынгыз  Раиымбеков.

Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа 2010 шықәса рзы ареспублика анапхгареи еиуеиԥшым ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рымадарала мҽхакы ҭбаала хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазку аусура мҩаԥнагоит. Ахәылԥаз аҿы ареспублика анагӡаратә мчреи Жларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитети адагьы агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара  «Bridge» («Ацҳа») шықәсырацәа инеиԥынкыланы инарыгӡо аусура азгәаҭан, уи азы иҭабуп ҳәа рҳәеит.

2017 шықәса инаркны хабарда ибжьаӡыз рыԥшаареи аԥсыбаҩқәа зтәу  рышьақәыргылареи   рзы археологцәеи аспециалистцәеи еидызкыло аиҿкаара «Bridge» Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа ацхыраарала   хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазку аусура нанагӡоит, иара убас инеиԥынкыланы ибжьаӡыз рҭаацәа ирԥылоит, урҭ апсихологиатә цхыраара рырҭоит.

Агәалашәара ахәылԥаз ахыркәшамҭаз еизаз идырбахеит Аԥсны аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра мчымхарла ирӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи Амш азы иҭнахыз адокументалтә фильм «Хабарда ибжьаӡыз. Аҵыхәтәантәи амҩахь анаскьагаразы азин змауз» («Без вести. Без права на прощание»).

 

 

 

 


Read 216 times - Аԥшьаша, 04 Цәыббра 2025 16:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.