АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Нанҳәа.2025

Аԥсны аделегациа Дамаск ақалақь аҿы Шьамтәыла акультуреи атуризми рминистрцәа ирԥылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Дамаск ақалақь аҿы, 62-тәи Жәларбжьаратәи ахәаахәҭра-ааглыхратә цәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ареспублика Аԥсны аделегациа Шьамтәыла иҟоу ачерқьесстә ансамбль аконцерт иаҭааит. Уи инанагӡеит амилаҭтә аԥсуа-дыгатә жәлар рыкәашарақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Аконцерт ҳаҭыр зқу асас иаҳасабала даҭааит Шьамтәыла акультура аминистр Муҳаммад Иасин Салех.

Аконцерт ахыркәшамҭаз аԥснытәи аделегациа ацәыргақәҵатә павилионқәа рахь идәықәлеит, араҟа имҩаԥысит Шьамтәыла акультура аминистр Муҳаммад Иасин Салехи атуризм аминистр Мазен аль-Салхани рԥылара.  

Аиԥылараҿы аганқәа акультуреи атуризми ахырхарҭақәа рыла русеицура иалацәажәеит, убри аан ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит акультуратәи атуристтәи  аимадарақәа.

Аиԥылара иалахәыз аҩгынктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи Аԥсни Шьамтәылеи апроектқәа реицынагӡара алыршареи рзы агәыӷра аадырԥшит.


Read 61 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.