Аҳәынҭқарратә комиссиа напхгара аиҭоит атәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Ешба.
Иара убас акомиссиа иалоуп Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Баҭал Аиба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба, Аминистрцәа Реилазаара аппарат ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Маршьан.
Олег Боциев— 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, 2013 шықәса рзы Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан.