«Гәалсра дула иҳадаҳкылеит Алеқсандр Максим-иԥа Банников – иналукааша аспорт аусзуҩ, арҵаҩы, абжьгаҩ иԥсҭазаара дшалҵыз азы ажәабжь хьанҭа.
Дҳаԥхеит зыԥсҭазаара зегьы аспорт иазызкыз ауаҩы иаша. Апрофессор, зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, афундаменталтә усумҭақәа равтор – иара Урыстәылеи Аԥсныи аспорттә еилазаара зегьы рзы дгәадураны, изықәгәыӷуаз, зажәа иазҿлымҳаз уаҩын.
Алеқсандр Максим-иԥа Аԥсны амҵәышәмпыл аҿиараҿы илагала дууп, уи ихьӡ иадҳәалоуп аиааира дуқәеи аԥснытәи амҵәышәмпыл ашьақәгылареи. Иара идырра, иԥышәа, ихарахәыцра иабзоураны аспортсменцәа нагақәа – аспорт азҟазацәеи ачемпионцәеи, иара убас зус ламысла, ҭакԥхықәрала иазнеиуа аспециалистцәеи акыр биԥара еиҵаиааӡеит.
Ҳрыдышшылоит Алеқсандр Банников иҭаацәеи изааигәоу ауааи иколлегацәеи. Алеқсандр Максим-иԥа игәалашәара ҳаԥхьаҟа имҩаԥысраны иҟоу аматчқәа зегьы, ииааӡаз иҵаҩцәа риааирақәа зегьы рҿы, иара убас инапы иҵыҵыз ашәҟәқәа рдаҟьақәа рҿы наунагӡа иаанхоит», - ҳәа иаҳәоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы, Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациеи Аԥсны Амилаҭтә олимпиатә комитети иаарышьҭыз адышшыларатә шәҟәы аҿы.
Алеқсандр Мақсим-иԥа Банников аӡбаҩс дыҟан Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ихьӡ зху амҵәышәмпыл азы атурнир аҟны.
Иара 88 шықәса ихыҵуан.