АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Нанҳәа.2025

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

Адышшыларатә цҳамҭаҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Хаҭала сара сыхьӡала, атәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив ахьӡала, гәык-ԥсыкала сдышшылоит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Илиа-иԥа Боциев иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы.

Олег Илиа-иԥа Боциев, Аԥснытәи АССР, Ҭҟәарчал ақыҭан ииз, аԥснытәии ауаԥстәи аҳәынҭқарратә усзуҩ, адипломат, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ.

Олег Илиа-иԥа Боциев есымша далукаауан зыҩаӡара ҳараку изанааҭдырреи аҳәынҭқарра аинтерессқәа рыхьчара азы илагалеи иԥышәа дууи рыла. Уи илаз иуаҩышьатә ҟазшьақәа ирыбзоураны Аԥсни аиашьаратә ауаԥс жәлари рыбжьра аҩганктәи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа хра злоу аҿиара аиуит.

Олег Илиа-иԥа игәалашәара лаша изааигәаз ауаа, иҩызцәа, иколлегацәа наунагӡа ргәаҵаҿы иаанхоит.

Ари илеихьеиқәҵагоу амш аҽны Олег Илиа-иԥа Боциев иуацәеи иҭынхацәеи срыдышшылар сҭахуп».


Read 110 times - Амҽыша, 31 Нанҳәа 2025 13:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.