pressadmin-2
Алхратә комиссиа Хада ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагалара мҩаԥнагеит.
Аҟәа. Рашәарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, ԥхынгәымза 4, 2023 шықәсазы имҩаԥысыз Алхратә комиссиа Хада аилатәара аҿы ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагалара амҩаԥгара азҵаара иахәаԥшит.
Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахь «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәараанӡа иалхрақәа рымҩаԥгара хымԥадатәиуп ҳәа ишәыԥхьаӡома?» ҳәа азҵаарала ареферендум амҩаԥгаразы зеилазаара 36-ҩык рыла ишьақәгылоу аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагаларазы арзаҳал нашьҭхеит.
Маркәыла ақыҭан иаадыртуеит иҭахаз аибашьцәа рбаҟа.
Аҟәа. Рашәарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азгәаҭара аламҭалазы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа аадыртуеит Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан.
Маркәыла ақыҭа ахада Анри Хәырхәмал ишеиҭеиҳәаз ала, ҩы-шықәса раԥхьа ақыҭауаа рымч ала абаҟа ахьыргылахо аҭыԥ рыцқьаны ахаҳә шьҭарҵеит.
«Ҳара атәыла анапхгара ахь аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз аибашьцәа рбаҟа аргылара ҳгәы ишҭоу азы ашәҟәы ҳаҩҩит. Ацхыраара ҳарҭеит. Аусурақәа абар шьҭа мызкы иалагӡаны имҩаԥысуеит . Ҳақәгәыӷуеит цәыббрамза 30 рзы абаҟа аартра шалыршахо», - ҳәа иҳәеит Анри Хәырхәмал.
Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Ақалақьргылара» апрораб хада Асҭамыр Кәакәасқьыр ажурналистцәа дрыҿцәажәо, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ари абаҟа аргыларазы 3 млн 952 нызықь мааҭ азоужьхеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников диԥылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, ԥхынгәымза 4 рзы имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи мышкы иалагӡаны усуратә визитла Аԥсныҟа иааз Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови реиԥылара мҩаԥысит.
Рашәарамзазы ашәахтә шәатәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет иалагалахеит 300 млн. мааҭ.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамзазы ашәахтә шәатәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет иалагалахеит 300,2 млн. мааҭ. Убри аан 262,6 млн. мааҭ рыла ишьақәыргылаз аплан аан анагӡара 114% рҟынӡа инаӡеит, ҳәа иаанацҳауеит ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра апресс-маҵзура.
2023 шықәса фымз ирылагӡаны 1 млрд 463,7 млн. мааҭ рыла ишьақәыргылаз аплан ала ареспублика абиуџьет иалагалахеит 1 млрд 893,7 млн. мааҭ ашәахтә шәатәқәа. Анагӡара 129% рҟынӡа инаӡеит.
2022 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ашәахтәқәа ралагалара адинамика 123% рҟынӡа инаӡеит, уи иааизакны уахәаԥшуазар, 351,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
2023 шықәса фымз ирылагӡаны Ареспублика араионқәеи Аҟәа ақалақьи рҟынтәи ашәахтә шәатәқәа ралагалара наӡеит:
ақ. Аҟәа – 830,0 млн. мааҭ рыла ишьақәыргылаз аплан ала иалагалахеит 1 013,3 млн. мааҭ, даҽакала иуҳәозар - 122%.
Ԥхынгәымза 4 рзы Аԥсныҟа усуратә визитла даараны дыҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 4 рзы Аԥсныҟа усуратә визитла даараны дыҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников.
Аминистр Гагра ақалақь аҿы иԥылоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь, Шьаҭанкылатәи аиргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.
Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр иусуратә ҭаара апрограмма аҿы иазԥхьагәаҭоуп Аԥсны асоциал-еконоикатә ҿиара иазку Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахарџь ала зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа аобиектқәа рҭаара.
Урҭ иреиуоуп – Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан иҟоу астанцеиҵа «Алаҳаӡы - 110 кВ». Уи аиҭашьақәыргылара арбоуп 2023 – 2025 шш. Аинвестициатә программа аҿы. Афинанстәра ашәагаа 350 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ари астанцеиҵа аусура аларгара иабзоураны Гагра ақалақь аҿы афымцатә црыӡмҩангагақәеи ацрыӡрыцқьаратә еиқәыршәагақәеи иҿыцу атуристә комплексқәеи раҿакра алыршахоит.
Максим Решетников иара убас 2017-2019 шш., 2020-2022 шш., 2023-2025 шш. Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны зыргылара мҩаԥысуа ацрыӡ-рыцқьаратә еиқәыршәагақәа рыргылара ахьымҩаԥысуа аплошьадкагьы даҭаараны дыҟоуп. Араҟа аусурақәа хыркәшахароуп 2024 шықәсазы. Уажәраанӡа ацрыӡқәа арыцқьаратә усдуларада амшын иалалон. Аобиект ахархәарахь аҭара иабзоураны Гагреи Пицундеи ақалақьқәа рҟынтәи ацрыӡқәа ррыцқьаратә усдулара амҩаԥгара алыршахоит.
Максим Решетников убасҵәҟьа Пицунда ақалақь аҿы асасааирҭа-аппартаменттә комплекс «Москва Резорт» ахьыргылахо аҭыԥ даҭаараны дыҟоуп.
Аслан Бжьаниа Александр Лукашенко Беларусиа Ареспублика Ахьыԥшымра амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Александр Лукашенко Беларусиа Ареспублика Ахьыԥшымра амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Александр Григори-иԥа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Беларусиа Ареспублика Ахьыԥшымра амш. Ари аныҳәа атәыла аиҭаира иасимволуп, уи Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аан асолдаҭцәа рфырхаҵарала аҭоурых наунагӡа ианылаз абеларус жәлар еицакра зқәым рдоуҳамч шаҳаҭра азнауеит.
Абри амш аҽны, 79 шықәса раԥхьа, Беларусиа аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын, анемец - фашисттә мпыҵахалаҩцәа ԥыххааса иқәҵан. Минсктәи аоперациа зыҩаӡара ҳараку арратә ҟазаразы иҿырԥшы ӷәӷәаны иҟоуп.
Апрокуратура аусеилыргаратә усбарҭақәа 2020-2022 шықәсазы абиуџьеттә ԥаратә хархәагақәа реимҵәара иадҳәалоу афактқәа рыла 10 ашьаусеилыргарақәа еилдыргеит.
Аҟәа. Рашәарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура аусеилыргаратә усбарҭақәа 2020-2022 шықәсазы абиуџьеттә ԥаратә хархәагақәа реимҵәара иадҳәалоу афактқәа рыла 10 ашьаусеилыргарақәа еилдыргеит. Абри азы рашәарамза 30 рзы имҩаԥысыз азинхьчаратә усбарҭқәа ркоординациатә еилатәара аҿы ажәахә ҟаҵо адырра ҟалҵеит азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра аҭаразы Аԥсны апрокуратура Хада аусбарҭа аиҳабы Лиана Ҭарба.
Аусеилыргарақәа 8 ахарадҵа ацны аӡбарҭа ахь идәықәҵоуп, 2 – рыла аусеилыргара мҩаԥысуеит.
Ацәгьоурақәа 6 рзы адыррақәа рыла апроцессуалтә гәаҭара мҩаԥысуеит. Урҭ рыла аусеилыргара ахацыркра мап ацәкуп.
Инал Арӡынба апартиа «Аԥсадгьыл» (Vatan Partisi) ахантәаҩы Догу Перинчек диԥылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 30, 2023. Аԥсныпресс. Рашәара 22, 2023 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи апартиа "Аԥсадгьыл" (Vatan Partisi) ахантәаҩы Догу Перинчеки еиԥылеит Стампыл ақалақь аҿы.
Догу Перинчек иҳәеит: «Ҳара иаҳхықәкы хаданы иҟоуп Ҭырқәтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵарц. Агәра шәсыргоит ҳаицусуреи ҳаицҽазышәареи ари аус аҟалара шалдыршо» ҳәа.
Догу Перинчек иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аҩадатәи Кипри рыбжьара адиалог аҿиара хра аманы ишибо.
Инал Арӡынбеи Талих Ҳәатышьи Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рнырра атәы иалацәажәеит.
Рашәарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апровинциа Диузџье аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла амилаҭтә еизара Ду адепутат Талих Ҳәатышьи реиԥылара мҩаԥысит. Дара Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рнырра атәы иалацәажәеит.
Инал Арӡынба иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла Апарламент аҿы Аԥсны азхаҵареи жәларбжьаратәи аимадарақәеи рзы аусура актуалра аҵаны ишыҟоу.
Талих Ҳәатышь ари аԥшьгамҭа дшадгыло иҳәеит, иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу апланқәа рынагӡаразы иалшо зегь шыҟаиҵало.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәатәи амшын баӷәазаҟны амшын ныҟәаратә лаинер даԥылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Аҟәатәи амшын баӷәазаҿы апассаџьыртә лаинер даԥылеит.
Амшын-ныҟәаратә лаинер "Князь Владимир" апассаџьырцәа рзы раԥхьаӡакәны Аҟәатәи амшын баӷәаза иаадгылеит. Алаинер иҭан 81-ҩык апассаџьырцәа. Аҟәатәи амшын баӷәазаҿы ашьыжь ахәашаҽны абаӷәаза даҭааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Уи издызкыло амаҵзурақәа русура шеиҿкаау атәы дазҵааит. Аҳәынҭқарра Ахада ицын Адәныҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо, Ҭемыр Ахьиба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ, аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Рустам Латипов, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа.