Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь, акультура Аҩны аҿы еицырдыруа аԥсуа поет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Таиф Шьаадаҭ-иԥа Аџьба игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит. 2016 шықәсазы Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа аԥҵан, ҳәа адырра ҟаҵоуп Гәдоуҭа араион Ахадара аофициалтә даҟьа аҿы.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Рауль Лолуа, аҵара аминистр Инал Габлиа, апоет иҭаацәа, иуацәа, иҭынхацәа, араион активи ауаажәларреи рхаҭанакцәа.
Асцена аҿы иқәгылеит Гәдоуҭа араион аҿы еицырдыруа авокалтәии ахореографиатәи ансамбльқәа, иара убас ирыԥхьеит апоет ирҿиамҭақәа.
Еицырдыруа аԥснытәи аклассикцәа иреиуаз Таиф Аџьба диит хәажәкырамза 11, 1939 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан. Иара дравторуп аԥсуа литература аҭоурых наунагӡа иазаанхо хыԥхьаӡара рацәала ажәеинраалақәа, алакә-поемақәа, иара убас алирикатә еизгақәа.