АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 17:02

Аҟәа, Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысуеит астол гьежь «Адемографиатә ҿиара: астратегиеи амеханизмқәеи»

Аграждантә форум «Аиҿцәажәара. Аиқәшаҳаҭхара. Аҿиара» аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Ауаажәларратә палата адемографиа азҵаарақәа ирызкны астол гьежь мҩаԥнагоит.

Аилацәажәара иалахәуп аҵарауаа, Жәлар Реизара адепутатцәа, аҭыԥантәи ахадарақәа русзуҩцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла, арезолиуциа рыдыркылоит.

«Аекспертцәа ажәа рысҭаанӡа, исҳәарц сҭахуп астол гьежь ахьымҩаԥаҳго аҭыԥ машәырны ишалҳамхыз: Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы акәын ҳтәылазы акрызҵазкуаз азҵаарақәа иахьрылацәажәоз. Уаанӡа еиԥш иахьагьы ари аинститут ауаажәларратә темақәа рылацәажәаразы ҭыԥ хаданы иаанхоит», – ҳәа лҳәеит Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба.


Read 22 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.