Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышмариа Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа рҿаԥхьа иҳаҩсыз 2023-тәи ашықәс азы инагӡаз аусуразы аҳасабырба ҟалҵеит.
8-хык рыла ишьақәгылаз ажәахә аҿы ианыԥшит абарҭ азҵаарақәа:
- Аппарат ахь инашьҭыз арзаҳалқәа рыстатистика;
- ахақәиҭра иалхәдаау рҭагылазаашьақәа зеиԥшроу;
- Аԥсны атәылауаа Ԥсоу аӡиас ала инагоу аҳәынҭқарратә ҳәаа, Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ аҿы раанкылара иадҳәалоу ахҭысқәа;
- атәанчаҩцәа реиҭашәҟәҭаҩраан агәараанқәа рыҟалара апроблема;
- Урыстәылатәи Афедерациа авизақәа раиура иазыԥшу аҳәаанырцәтәи атәылауаа ирыдҳәалоу аҭагылазаашьа;
- «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагалара;
- «Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу изы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиӷьтәра азы абжьгарақәа, Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат 2024 шықәсазы аусура ахырхарҭақәа ралкаара.
Инагӡоу аусура ихадоу ахырхарҭақәаны Анас Кьышьмариа дырзааҭгылеит Аԥсны иамабзиоу атәылақәа рзинхьчаратә институтқәа аус рыцура аинформациа-рккаратә усура амҩаԥгара, иара убас атәыла анапхгареи ауаажәларратә еилазаареи рыбжьара адиалоги аусеицуреи рыбжьаҵара адгылара аҭара.
«Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы еиқәыршәаны анапаҵыҩра мҩаԥган Урыстәылатәи Афедерациа аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу, Ареспублика Венесуела аҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу, иара убас Венесуела ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу аусеицуразы амеморандум. Аахыҵ Уаԥстәылеи Приднестровиеи рамбудсменцәеи арегионалтә урыстәылатәи амбуцменцәеи аус рыцура аҿиара алҳаршоит», - ҳәа иазгәалҭеит Анас Кьышьмариа.
Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу 47 тәыла рҟынтәи омбудсменцәеи адипломатцәеи злахәыз жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатә дуқәа– Евразиатәи аомбудсменцәа ралианси Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциеи лхы алалырхәит.
Атәыла анапхгаратә усбарҭақәеи Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарати русеицура азҵаарақәа дырзааҭгыло, аомбудсмен Апарламент хра злоу аусеицура адинамика шыҟоу азгәалҭеит.
Аомбудсмен лажәақәа шьақәзырӷәӷәо ҿырԥштәыс иаалгеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан анхаразы азин аршаҳаҭгеи уи азинмчы аҽҳәареи рганахьала аиҭакрақәа ралагалара.
Анас Кьышьмариа Апрокуратура Хадеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи аус рыцура аконструктивтә ҟазшьа аманы имҩаԥысуеит ҳәа иазгәалҭеит.
«Уажәы ҳара аомбудсмен иазхьаԥшра ахьаҭаху аҭагылазаашьақәа рзы ианаамҭоу ииашоу аинформациа ҳауеит. Иазгәоумҭар залшом, ҳазҵаарақәа рҭак ишахәҭоу ала иҩны иҳауаанӡа, акырынтә ус ишиашоу, ҭелла, ма лабҿаба ишҳауаз. Ҳара ԥықәсларада абахҭа иҭаку ҳарԥылоит, иҟаҳҵо азыҳәамҭақәа шамахамзар зегьы иаразнак ахшыҩзышьҭра роуеит, абаандаҩцәа иаҭаххоны иҟалар, иҟаҳҵо азыҳәамҭа ала амедицинатә гәаҭара иахысуеит», – ҳәа иазгәалҭеит Анас Кьышьмариа. – Ас еиԥш аилибакаара алыршахеит анапхгаҩцәа напхгара зырҭо аиҿкаарақәеи ҳареи ҳусеицура иаҵоу аҵакы ахадара ахьеилыркаауа иабзоураны».
Убри аан лара «еиуеиԥшым аструктурақәа рҿы макьаназы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу иҳәамҭақәа азхьаԥшра хымҭадатәӡам ҳәа изыԥхьаӡо амаҵурауаагьы уԥылоит» ҳәа иазгәалҭеит».