pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан, Марттәи ажәылара аҿы иҭахаз ргәалашәара азы Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит. 

Иҭахаз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны ауаажәларратәии аполитикатәи еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Азеиԥшҵареи иреиҳау аҵарадырреи русхкы аҿы аспециалистцәа рыҿцәажәарақәа рышьҭахь, 150-ҩык инареиҳаны ареспублика апрофильтә рҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәа рнапы зҵарҩыз ааԥхьара ҳасаб азуны, Адеқсандр Анқәаб хәажәкырамза  15, 2024 шықәса рзы, аҵара аминистр «Амаҭәар «Аматематика: алгебреи агеометриеи 9-тәи акласс аҿы», иара убас амаҭәар «Аматематика: алгебреи анализ алагареи, агеометриа 11-тәи акласс аҿы» ала иҩны аԥышәара аҭаразы» жәабранмза 8, 2024 рзы иҟаиҵаз Адҵа № 21 аԥыхразы Ақәҵара № 31-р ҭижьит. 

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 17 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа  Ахада иалхрақәа.

Алхрақәа рхы аладырхәыр алшоит Аԥсны инхо, мамзаргьы аамҭала иҟоу Урыстәыла атәылауаа. Аби азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.

Алхратә биуллетень аиура азы Урыстәыла атылауаҩ итәылауаҩшәҟәы (аҩныҵҟатәи, мамзаргьы аҳәаанырцәтәи) имазар ахәҭоуп.

Алхырҭатә ҭыԥқәа аартхоит асааҭ 8:00  инаркны 20:00 рҟынӡа абарҭ аҭыӡҭыԥқәа рыла:

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа роркестр хәажәкырамза 14 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы изаамҭанытәиу аҳасабырбатә концерт мҩаԥнагеит.

Ансамбль  асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор  –  акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Денис Арухаа. 

Аоркестр инанагӡеит еицырдыруа аԥсуа жәлар рырҿиамҭақәеи ҳаамҭазтәи амузыкатә ԥҵамҭақәеи.  Аԥсуа музыкатә рҿиамҭақәа рыдагьы инарыгӡеит Нхыҵ Кавказтәи ажәларқәа рмелодиақәа, ирландтәи акәашаратә музыка, Адриано Челентано иашәа «Сюзанна», Ара Геворкиан иинструменталтә композициа «Арцах».

Апрограмма асасцәаны иқәгылеит ашәаҳәаҩцәа Алиас Абыхәба, Џьими Шәманиа, иара убас авокалистка қәыԥш Сариа Аиба.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 15 рзы Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа 92-тәи иира Амш азгәеиҭоит.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа еидгыла ҳаамҭазтәи аԥсуа литература аклассик иира Аиш азы адныҳәалара ҟанаҵеит, изеиӷьаршьоит агәабзиара, агәамч, аԥсуа ишықәснҵыра ду, инымҵәаӡо арҿиаратә гәазҭазаара.  

Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩ, Асовет Еидгыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсни Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Жәларбжьаратәи Адыгатәи (Черқьесстәи)Анаукақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу академик, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу адоктор, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, “Ахьӡ-Аԥша аорден I аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча-иԥа Гәгәуа 92-тәи иира Амш азгәеиҭоит.   

Аҟәа. Хәажәкырамза 15,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамзатәи ажәылара ҟалеижьҭеи 31 шықәса аҵра инамаданы имҩаԥысит 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа Иира амш идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

"Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иԥа!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш! 

 

Шәара шәыхьӡ хьтәы нбанла аԥсуа литература аҭоурых ианылеит. Ҳажәлар рдоуҳатә ҭынха иузаҟәымҭо иалоу шәырҿиамҭақәа философиатә ҵакылеи актуалра злоу аԥсҭазааратә проблемақәеи рыла ибеиоуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесстәи Ареспублика Ахада  Рашид Темрезов иира Амш идиныҳәалеит.   

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

 «Ҳаҭыр зқәу Рашид Бориспи-иԥа! Шәира Амш инамаданы ишәыдышәкыл сара сҟынтәи гәыкала иҟаҵоу адныҳәалара. Шәара – ламысцқьала, ҟазарыла аҳәынҭқарратә усура назыгӡо, есыҽны Ҟаачы-Чарқьесстәи Ареспублика ажәлар рыҿиареи рсоциал-економикатә еизҳазыӷьареи злагала алазҵо иналукааша аԥыза шәоуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи аҩбатәи аклиникатә хәышәтәырҭа №2 иаҭааит.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Абыхәба агәабзиарахьчара аминистри аҳҭнықалақь ахадеи дырԥыло амедусбарҭа аҿы иҟоу аҭагылазаашьа азы адырра ҟаиҵеит, аневрологиа, акардиологиа, ареанимациа аҟәшақәа дирбеит.

«Ҳара иаабоит, ачымазцәа рыхәышәтәра ахьымҩаԥысуа  ахәышәтәыра аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Ахыбра зегьы шьаҭынкыла аиҭашьақәыргылара аҭахны иҟоуп, амедицинатә маругақәа ракәзар аԥсахра аҭахуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Ахақәиҭра алхәдаара аҭыԥқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьақәа – зус ӡбоу рыриашареи урҭ ҿыц ацәгьоура аҟаҵара аҽаламгалара алыршареи  рзы ахьырхәра ахықәкы анагӡара иазкны иҟаӡам, ҳәа хәажәкырамза 14, аԥшьаша Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа рҿаԥхьа иҟалҵаз аҳасабырбатә ажәахә аҟны иазгәалҭеит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа.

«Жәаҳәарада, ацәгьоурақәа рзы иҭаку ауаа ахьырхәра аҳасабала рхақәиҭра иалхәдаахоит, аха ргәабзиареи рпсихологиатә ҭагылазаашьеи хра злам анырра азҭо иманшәалам аҭагылазаашьақәа рҿы рыҟазаара ауаҩышьареи агуманизми рыпринципқәа ӷәӷәала еиланагоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.