АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Рашәара.2024

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра: 23-ҩык амиграциатә закәанԥҵара аилагарала Бзыԥҭа аҳаблаҿы инхон.

Аҟәа. Рашәарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәаанырцәтәи атәылауаа, мамзаргьы атәылауаҩра змам ахаҿқәа  Аԥсны аҵакыраҿы рыҟазаара арежим аилагара афактқәа раарԥшра хықәкыс иҟаҵаны, рашәарамза 23 рзы Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблаҿы ареидқәа мҩаԥыргеит.  

Апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡеит  Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәшеи Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура атерриториалтә ҟәшеиҵеи русзуҩцәеи еицхырааны, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Рхаҭареи азин зырҵабыргуа аусшәҟәқәеи рышьақәыргылара азы аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ахь инаган 50 -ҩык рҟынӡа аҳәааныртәи атәылауаа. Агәаҭарақәа иаадырԥшит ишьақәыргылоу арежим аилагарала ареспублика аҵакыраҿы иҟаз  23-ҩык.  

Ареспублика Аԥсны административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ  1724, ахәҭа 1 аилагара азы, 18-ҩык атәылауаа ахараԥса ашәара рықәырҵеит. Гагра араионтә ӡбарҭа аҿы 5-ҩык  аҳәаанырцәтәи атәылауаа Аԥсны иахьаҵанакуа аҟазаара арежим аилагаразы ареспублика аҟынтәи ралцара азы азыӡба рыдыркылеит.   

Агәаҭарақәа ирыцҵахоит.


Read 209 times - Ашәахьа, 24 Рашәара 2024 18:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.