АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Рашәара.2024

Ақалақьзегьтәи аекологиатә акциа «Ицқьоу ақалақь» Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгахоит рашәарамза 28 рзы.

Аҟәа. Рашәарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ақалақьзегьтәи аекологиатә акциа «Ицқьоу ақалақь» Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгахоит рашәарамза 28 рзы. Уи азы Адҵа инапы аҵаиҩит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит. Уи мҩаԥгахоит рашәарамза 28 рзы ақалақь асанитартә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи аиқәыршәазаареи хықәкыс иҟаҵаны.

Акциа аиҿкаареи амҩаԥгареи рзы ақалақьтә штаб аԥҵоуп.

Ақалақь Ахадара амуниципалтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа адҵа рыҭоуп ауааԥсыра акциа аҽалархәра азы радыԥхьалара. Анаплакқәа, аиҿкаарақәа, амуниципалтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, хазхаҭалатәи ахаҿқәеи егьырҭ аусбарҭақәа рхадацәеи доусы ирыҵанакуа атерриториақәа рҭеиҭыԥш арҽеиразы аилыргаратә усурақәа нарыгӡарц азы азԥхьанҵа рыҭоуп. Ахатәы ҩнқәа змоу убасҵәҟьа рыҩнқәа иаԥну аҵакырақәа рҿы асанитартә еилыргара амҩаԥгара рабжьгоуп.

Аҳҭнықалақь Ахадара ақалақь ауааԥсыра зегьы рахь акциа рхы аладырхәырц, рықалақь гәакьа иацхраарц азы ааԥхьара ҟанаҵоит. Акциа аҽазыҟаҵареи амҩаԥгареи рфинансыркра Аҟәа ақалақь афинансқәа русбарҭа иадҵоуп. Акциа алахәылацәа зегьы анапхазқәа, агәам-сам зҭарыԥсо ааҵәақәа, уҳәа егьырҭ иахәҭоу амаругақәеи аинвентари атранспорти рыла еиқәыршәахоит. Уи азы аҭакԥхықәра адҵахоит Анхара-Комуналтә Нхамҩа Адепартамент.

 


Read 287 times - Ашәахьа, 24 Рашәара 2024 18:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.