Зқьи хәышә инареиҳаны анаҩс амаӡа-ҵәахырҭақәа рҿы ашьҭаҵарала аҭиразы ирхиаз аилаҳәарақәа рыԥшааит.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалисттә Центр аҿы уи имхыз анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭҵаара аҭакқәа ҟарҵахьеит. Уи акыр иџьбароу анаркотикатә маҭәашьар мефедрон ауп, иара акапан 8,5 кьыла иреиҳауп.
Иаанкылоу – Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ, Санкт-Петербург ақалақь аҿы инхо иганахьала закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьар хыԥхьаӡара рацәала аахәара, амҩангара, амазаара, аҭира азы ашьаус ахацыркразы азҵаара ықәгылоуп.