АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Рашәара.2024

Аслан Бжьаниа Ашәарҭадара ахеилак изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадара ахеилак изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥигеит.

Ашәарҭадара амаҵзура алахәцәа аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитиказы иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Адискуссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазааҭгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны арратә ԥхықәреи арратә маҵзуреи рзы азакәанԥҵара аиӷьтәра азҵаара. Ирыхәаԥшит арратә маҵзурахьы аԥхьара аҩаӡара ашьҭыхра азҵаарагьы. 

Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара иалахәын аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы   Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, апрокурор Хада Адгәыр Агрба, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа,  Аԥсны Арбџьар мчқәа Рыштаб Хада Аиҳабы, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Владимир Савченко, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура Аиҳабы Дбар Дмитри,  Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.


Read 126 times - Аԥшьаша, 27 Рашәара 2024 09:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.