«Атәыла анапхгара шәара аҭакԥхықәра ду шәыднаҵеит. Урыстәыла аспорттә еихьӡарақәа рацәаны измоу ҳәынҭқарраны иҟоуп, уи ҩаԥхьа иарҵабыргуеит Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа. Ас еиԥш аҩаӡара змоу ахәмаррақәа рылахәхара ҳара ҳзы даара акыр зҵазкуа хҭыс дуны иҟоуп. Ҳара 30 шықәса рыҩныҵҟа алшара ҳамаӡамызт еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аспорттә еицлабрақәа рылахәхара азы. Ҳара ибеиоу аспорттә мҩа ҳанысхьеит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит еиҵагыло аспортсменцәа рабиԥара астимул рыҭаразы иҳашәҭаз алашара азы. Атәыла анапхгареи Аԥсны милаҭрацәала еилоу ажәларгьы рыхьӡала идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ари зеиӷьаҟам алшара азы. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа раҳҳәоит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин, Ҭаҭарсҭан аспорт Аминистрра, Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа реиҿкаара иалахәыз хаҭа-хаҭала аусзуҩцәа зегьы. 2017 шықәсазы ҳхылаԥшырҭақәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы амеморандум анапаҵыҩра мҩаԥган, гәахәаралагьы иазгәасҭарц сҭахуп, ҳара усҟан иазԥхьагәаҭаз амҩа ҳаныланы ҳашцо», – ҳәа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.
Ҟазан ақалақь аҿы имҩаԥысит Урыстәыла аспорт аминистр Михаил Дегтиариови Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи реиԥылара.
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аспорт аминистр Михаил Дегтиариов Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ҟазан ақалақь, Поволжтәи аҳәынҭқарратә абҩарҵәыреи аспорти атуризми руниверситет аҵакыра аҿы Ахәмаррақәа ирылаху атәылақәа рҟынтәи аспорт аминистрцәа дырԥылеит. Имҩаԥысит иара убас Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи иареи реиԥыларагьы.
Урыстәыла аспорт аминистр аԥснытәи иколлега раԥхьатәи ахьтәы медал аиуреи иааизакны аԥснытәи акоманда Ахәмаррақәа рҿы иамоу аихьӡарақәеи идиныҳәалеит.
«Аԥсны жәлар зегьы, аспорттә еилазаара ахаҭарнакцәа, Аҳәынҭқарра Ахада срыдныҳәалоит» – ҳәа иҳәеит Михаил Дегтиариов.
Иара Аԥсни Урыстәылеи аспорт аганахьала аимадара бзиа шрыбжьоу, аԥснытәи аспортсменцәа Урыстәыла имҩаԥысуа еиуеиԥшым атурнирқәа рҿы қәҿиарала ишықәгыло азгәеиҭеит.
«Ҳара есымша гәахәарыла иҳадаҳкылоит аԥсуа спортсменцәа ҳара имҩаԥааго аицлабрақәа рҿы рылахәхара. Ҳара ҳганахьала иҳалшо ала адгылара ҟаҳҵалоит. Ахырхарҭақәа зегьы рыла аиҩызареи аидгылареи ҳшазхиоу азгәаҳҭоит», -ҳәа иҳәеит Михаил Дектиариов.
Ҭарашь Ҳагба Михаил Дегтиариов идиныҳәалеит иара аспорт аминистрс иҟаҵара.