АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Рашәара.2024

Ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәа Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы иҟалаз аиҿахысра иалахәыз рхаҭара шьақәдыргылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы иҟалаз аиҿахысра иалахәыз рхаҭара ашьақәыргылареи раанкылареи иазку аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрра апресс-маҵзура.

Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» иахьаҵанакуа аиҿахысра шыҟалаз азы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҷаԥшьаратә ҟәша ахь адырра ҟалеит рашәарамза  23, 16 сааҭи 55 минуҭи инарзынаԥшуа рзы.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа иарбоу ацәгьоура аҿы игәҩароу ахаҿқәа рхаҭара шьақәдыргылеит.

Иҟалаз аиҿахысра иахҟьаны ахәрақәа роуит ԥшьҩык Аԥсны атәылауаа.

Дызгашаз ахәра иоуит 1985 шықәсазы ииз Аԥсны атәылауаҩ. Лнапы иалҟьаз ахы ала ахәра лоуит 2007 шықәса рзы ииз, зықәра наӡам ахәыҷы. Уи ахәышәтәырҭахь днагоуп.

Иара убас ахәышәтәырҭахь инаган ҩыџьа ахацәа: 1998 шықәсазы ииз, зшьапахьы ахәра заузи  1995 шықәсазы ииз, зыӷра ахы ақәшәази.

Аҭыԥ аҿы аус руеит аусеилыргара-оперативтә гәыԥи акриминалистцәеи.


Read 66 times - Аԥшьаша, 27 Рашәара 2024 09:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.