АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Рашәара.2024

Аҟәа ақалақь аҿы 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 22 рзы  Аҟәа ақалақь аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аналагаз амш инамаданы агәаларшәареи алахьеиқәреи иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит.

83 шықәса раԥхьа, рашәара 22, 1941 шықәсазы, ашырԥазы, асааҭ ԥшьба инарзынаԥшуа афашисттә Германиа Асовет Еидгыла иақәлеит. Иалагеит 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа. Усҟан Аԥсадгьыл ду ахьчаразы иҩагылеит 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рахьынтә 17,5 нызқьҩык рышьҭахьҟа изыхнымҳәӡеит, аибашьра адәаҿы иаанхеит.

Иахьа, Аҟәа ақалақь аҿы агәаларшәареи алахьеиқәреи рымш азы Аҟәа, Диаскураа рыԥшаҳәа аҿы игылоу Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәаҩ Михаил Шургалин, Ацҳаражәҳәарҭеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭаранакреи русзуҩцәа, Аԥсни Урыстәылеи рыруаа, ауаажәларра.

Араҟа имҩаԥган амитинг, игеит Аԥсни Асовет Еидгылеии ргимнқәа.

«Аӷа бџьарлеи уааԥсылеи акыр аԥыжәара шимазгьы Асовет Еидгыла ажәлар зегьы акыр амыҟәмабара рыхганы рыжәҩахыр еибыҭа рыԥсадгьыл ду ахьчара рылшеит. Иара убри аиааира иалҵшәаны иаԥҵан Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара. Иарбоу аиҿкаара Аԥҟаԥҵәа аҿы ҳара ҳабжьгарала иарбоуп иҳаӷоу аҳәынҭқаррақәа. Ҳара зегьы урҭ аадыруеит, уажәгьы убарҭ аҳәынҭқаррақәа роуп Украина абендераа ирыдгылогьы – афранцызцәа,  аголландцәа, аиспанцәа, афиннцәа,  арумынцәа, авенграа, уимоу аболгараагьы», - ҳәа иажәахә аҿы иазгәеиҭеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла акыр ахәшьара ҳаракы шарҭо Донбасс урыстәылатәи аруаа рыжәҩахыр еибыҭа ирывагылоу Аԥснытәи хатәгәаԥхарауаа иҟарҵо аиашьаратә дгылара.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа афронтқәа рҿы еибашьуан 55 нызықьҩык инареиҳаны Аԥсны атәылауаа. Урҭ рахьынтә иҭахеит 17 нызықьҩык инареиҳаны. 22-ҩык «Асовет Еидгыла Афырхаҵа» аҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны атәылауаа Ахьӡ-Аԥша аорденқәа инагӡоу акавалерцәа ҳәа ахьӡ рыхҵахеит.


Read 34 times - Аԥшьаша, 27 Рашәара 2024 09:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.