АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Рашәара.2024

Аҟәа ақалақь аҿы урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Аҟәа. Рашәарамза  21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа ргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба,  ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

14 шықәса ирҭагӡаз Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аҭынчра ашьақәгылара азы аколлективтә мчрақәа реилазаараҿы имҩаԥысуаз абжьаҟазаратә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны араҟа арратә маҵзура нарыгӡон 70  - нызықьҩык аруаа, урҭ рахьынтә 117-ҩык Аԥсны ашәарҭадареи аҭынчреи рышьақәгылара рхы ақәырҵеит.  

30 шықәса раԥхьа, рашәарамза 21, 1994 шықәса рзы, аԥсуа-қырҭуатә конфликт азона ашҟа иалагалан Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аҭынчра ашьақәгылара азы аколлективтә мчрақәа.

Аԥсуа-қырҭуатә конфликт азона аҿы Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аҭынчра ашьақәгылара азы аколлективтә мчрақәа акомандаҟаҵаҩцәас иҟан:

–  рашәарамза 16, 1994 шықәса инаркны ԥхынҷкәынмза  5, 1996 шықәсанӡа – аинрал- -маиор Иакушев Васили Иван-иԥа;

– ԥхынҷкәынмза 5, 1996 шықәса инаркны ажьырныҳәамза  18, 1998 шықәсанӡа  - аинрал-маиор Бабенков Долиа Никита-иԥа;

– ажьырныҳәамза 18, 1998 шықәса инаркны жәабранмза  28, 2001 шықәсанӡа - аинрал-леитенант - Коробко Сергеи Николаи-иԥа;

– жәабранмза 28, 2001 шықәса инаркны мшаԥымза 3, 2002 шықәса рҟынӡа - аинрал-леитенант Сидорычев Никола Иван-иԥа;

– мшаԥымза 3, 2002 шықәса инаркны  рашәарамза 3, 2005 шықәсанӡа  - аинрал-маиор Евтеев Алеқсандр Николаи-иԥа;

–    рашәарамза 3, 2005 шықәса инаркны -аинрал-маиор Чабан Сергеи Иаков-иԥа. 


Read 148 times - Амҽыша, 23 Рашәара 2024 23:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.