Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аԥҵара 32- шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысуеит. Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәуеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Атәыла Адҵаҟаҵаҩ Хада Иусбарҭа ахыбра аҿаԥхьа рахьӡа акәны иԥылеит Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аԥҵара амш аламҭалазы Амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар идҵала иаԥҵаз аҳаҭыртә ҟарул арота.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дицуп Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар.
Аныҳәатә церемониа иара убас рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, апрокурор Хада Адгәыр Агрба, ареспублика амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа.