АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Рашәара.2024

Дмитри Дбар: «Агәра ганы сыҟоуп, Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аусзуҩцәа аринахысгьы Аҳәынҭқарреи ауаажәлари рыхьчаразы рыжәҩа иқәу аус ҷыда ҭакԥхықәрала ишазнеило».

Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара  Амаҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар   Аҳәынҭқарратә ахьчара  Амаҵзура   ахатәы еилазаареи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәелеит.

Атәыла адҵаҟаҵаҩ Хадеи асасцәеи рахь ихы рханы, иара, ахәҭакахьала иҳәеит:

«Ари амш азы ҳара раԥхьаӡа иргыланы иаҳгәалаҳаршәоит иуадаҩыз аибашьратәи аибашьрашьҭахьтәи аамҭақәа рзы ахачҳареи ахамеигӡаеи аарԥшуа Аҳәынҭқарратә ахьчара  Амаҵзура  аԥҵара ахыҵхырҭаҿы игылаз.

Аҳәынҭқарратә ахьчара  Амаҵзура ахатәы еилазаара есыҽны амилаҭтә интерессқәа рыхьчараҿы игылоуп, атәыла аҩныҵҟа акыр ихымԥадатәиу аҭышәынтәалара ашьақәгылара аҿы рлагала дууп».

Дмитри Дбар  ҷыдала иазгәеиҭеит Амаҵзура аруаа рзанааҭтә зыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхраҿы ирымоу аихьӡарақәа. Иара ишазгәеиҭаз ала, атәыла анапхгара аганахьала урҭ ироуа аилкаареи адгылареи ирыбзоураны Амаҵзура аматериал-техникатә база арӷәӷәара алыршахеит.

Иажәа хыркәшо, Дмитри Дбар Аҳәынҭқарратә ахьчара  Амаҵзура ахатәы еилазаара аринахысгьы аҳәынҭқарра ахьчаразы узықәгәыӷша  усбарҭаны ишаанхо азгәеиҭеит.

«Агәра ганы сыҟоуп, азинхьчаратә система иаҵанакуа аусбарҭақәа зегьы русзуҩцәа иҳараку рзанааҭдырреи реидкылазаареи иабзоураны ҳаамҭа ицәырнаго ауадаҩрақәа риааиреи, иара убри ала ҳреспублика Аԥсны хра злоу аҿиареи алыршахоит», – ҳәа иҳәеит иара. 

 

 


Read 239 times - Амҽыша, 23 Рашәара 2024 20:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.