АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Рашәара.2024

Атәыла Анапхгара атуристтә усура азы иҟоу азакәанԥҵара аиҭакрақәа ралагалара азԥхьагәанаҭаӡом.

Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рзанааҭтә Еидгылара ахаҭарнакцәа, аекономика аминистр Кристина Озган, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа, аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа анапхгаҩы Русҭам Латипов, аԥыза-министр ицхырааҩ Дмитри Шамба алархәны аиԥылара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит ареспублика атуристтә усхкы знапы алаку ауаа агәҭынчымра рызцәырызго азҵаарақәа, ахәҭакахьала Аԥсны акредитациа змам агидцәеи аекскурсиамҩаԥгаҩцәеи изакәанымкәа русура иадҳәаланы.

Аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәи маҵзурақәа рнапхгаҩцәа иазгәарҭеит Аԥсны иҭаҩу автомашьынақәа аҳәаа рахысраҿы иҟоу ауадаҩрақәа зыхҟьо аԥсшьаҩцәа ахьырацәоу шакәу. Убри аан иазгәаҭан аԥснытәии урыстәылатәи  аус иазку амаҵзурақәа ицәырҵуа ауадаҩрақәа рыӡбаразы ирылшо зегьы шыҟарҵо.

Агидцәеи аекскурсиамҩаԥгаҩцәеи рзанааҭтә еилазаара ахаҭарнакцәа Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы атуристтә усхк азы азакәанԥҵарахь аиҭакрақәа ралагалара азҵаара ашьҭыхра азԥхьагәаҭаӡам ҳәа адарра рыҭан.

Иазгәаҭан, Аԥсны аминистрцәа Реилазаареи атуристтә усура аиҿкаара ззинмчы аҵанакуа Урыстәыла Аекономикатә ҿиара Аминистрреи рыбжьара ааигәа имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа раан аԥснытәии урыстәылатәии атуристтә усхк ахаҭарнакцәа акы иазааины ажәалагалақәа ҟарҵарц азы алшара рзаԥҵара азҵаара шышьҭыхыз.

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр  Кристина Озган ари азҵаара аҳәаақәҵара лнапы ианиҵеит.

Азакәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсны аҵакыраҿы аекскурсиамҩаԥгаҩцәас иҟазар ауеит Атуризм аминистрраҿы аттестациа иахысыз аҳәынҭқарра атәылауаа заҵәык.


Read 220 times - Ахәаша, 21 Рашәара 2024 19:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.