Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа, аԥсуа-қырҭуатә еиҿагылара азона аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара азы Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара Аколлективтә мчрақәа рыштаб ахьыҟаз ԥасатәи арратә гәабзиарачаԥарҭа адгьылҵакыраҟны игылоу урыстәылатәи абжьаҟазацәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит.
Урыстәылатәи абжьаҟазаратә операциа Аԥсны имҩаԥысуан 1994 шықәса инаркны 2008 шықәсанӡа, ихыркәшан Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра аназханаҵа анаҩс.
Урыстәылатәи абжьаҟазацәа ҳаҭырла ргәаларшәара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа, Аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра.
Аԥсны абжьаҟазаратә миссиа назыгӡоз абжьаҟазацәа рзы раԥхьатәи абаҟа ргылан МВО ҳәа изышьҭоу ԥасатәи арратә гәабзиарачаԥарҭа адгьылҵакыраҟны. Абаҟа ахаҳә иагәыԥҟаауп ари амиссиа зыԥсҭазаара ақәызҵа 117-ҩык урыстәылатәи абжьаҟазацәа рыхьӡқәа.
14 шықәса ирылагӡаны 70 нызқьҩык урыстәылатәи аррамаҵзурауаа, аҳақьымцәа, ауаажәларратә специалистцәа Аԥсны имариамыз аҭынчратә маҵзура анагӡара иаҿын. Урҭ аҭынч уааԥсыра ашәарҭадара иацәыхьчо ахаҵара, апрофессионализм аадырԥшит. Рыцҳарас иҟалаз, ари амиссиа рыԥсҭазаара ақәырҵеит 117-ҩык урыстәылатәи абжьаҟазацәа.