АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Рашәара.2024

Аслан Бжьаниа: урыстәылатәи абжьаҟазаратә архәҭақәа ралагалара еиԥш иҟаз аҭоурыхтә шьаҿа аԥсуа дгьыл аҟны акыраамҭа иззыԥшыз аҭынчреи аҭышәныртәалареи рус уасхырны иаиуит.

Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны абжьаҟазаратә мчқәа ралагалара 30 шықәса аҵра инамаданы Аҟәа ақалақь  урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаӷатә далахәын.

Аусмҩаԥгатә аҟны Аслан Бжьаниа ажәахә ҟаҵо, иазгәеиҭеит:

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа абжьаҟазаратә контингент аларгалеижьҭеи 30 шықәса ахыҵра иазку акрызҵазкуа арыцхә.  Рашәарамза 21, 1994 шықәса рзы урыстәылатәи абжьаҟазаратә архәҭақәа ралагалара иадҳәалаз акыр зҵазкуаз ахҭыс ҟалеит. Ас еиԥш иҟаз аҭоурыхтә шьаҿа аԥсуа дгьыл аҟны акыраамҭа иззыԥшыз аҭынчреи аҭышәныртәалареи рус уасхырны иаиуит.

14 шықәса ирылагӡаны 70 нызқьҩык урыстәылатәи аррамаҵзурауаа, аҳақьымцәа, ауаажәларратә специалистцәа Аԥсны имариамыз аҭынчратә маҵзура анагӡара иаҿын. Урҭ аҭынч уааԥсыра ашәарҭадара иацәыхьчо ахаҵара,  апрофессионализм аадырԥшит. Рыцҳарас иҟалаз, ари амиссиа рыԥсҭазаара ақәырҵеит 117-ҩык урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа. Ҳарҭ еснагь ргәалашәара лаша ҳацзаауеит,   атынчразы иаадырԥшыз ахамеигӡара хашҭра ақәым.

Урыстәлатәи аҭынчратә аоперациа, «Ахымца аанкылареи  амчқәа реиҟәгареи» рзы Москватәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны имҩаԥгаз,   ихьыԥшым Аԥсны аҿиаразы шьаҭа ӷәӷәаны иазышьҭалеит.

Иахьа ажәларқәа ирыбжьоу астратегиатә усеицуреи традициала ишьақәгылаз аиҩызареи есааира аӷәӷәахара иаҿуп. Аԥсны Иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгараҟны аԥхьатәи амшқәа инадыркны адгылара аҭо, Урыстәыла ҩызара азызуа ҳәынҭқарраны иаанхоит.

Аԥсны жәлар рыхьӡала гәыкала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп абжьаҟазаратә мчқәеи урҭ рҭаацәарақәеи ҳадгьыл аҟны аҭынчра аиқәырхара аус аҟны хәы змаӡам рлагаламҭазы.  Ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, аихьӡара ҿыцқәа рнапы злаку аус ду аҟны!», – ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

 


Read 143 times - Ахәаша, 21 Рашәара 2024 17:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.