АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Рашәара.2024

Аолимпиада «Аҳаракырақәа рахь амҩа 2024!» аихшьаалақәа рыла 109-ҩык алахәылацәа рзы адкыларатә ԥышәарақәа рыда ААУ аҭаларазы абжьгара ҟаҵоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы ашколхәыҷқәа ролимпиада «Аҳаракырақәа рахь амҩа 2024!»  аҿы аԥхьахәқәеи аиааиреи згаз аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит.   

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩ, Ауаажәларратә Палата алахәыла Сократ Џьынџьал, араионқәа аҵара ҟәшақәа рнапхгаҩцәа.  

Аолимпиада аихшьаалақәа рыла аԥышәарақәа рыда ААУ актәи акурс ахь 109-ҩык рыдкыларазы абжьгара ҟаҵоуп, ҳәа адырра ҟаҵоуп ААУ а-Telegram-канал аҿы.

Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит 26 - ҩык, аҩбатәи аҭыԥқәа – 24 -ҩык, ахԥатәи –  12 - ҩык.

Аԥхьахәқәеи аиааирақәеи  згаз зегьы аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит.

Аԥхьахәтә ҭыԥқәа ззымгаз, аха иахәҭоу абаллқәа зауз рганахьала, убасҵәҟьа аԥышәарақәа рыҭира ада аҭаларазы абжьгара ҟаҵоуп.  Урҭ рхыԥхьаӡара 47-ҩык рҟынӡа инаӡоит.  

Зынӡа ауниверситеттә олимпиада сынтәа рхы аладырхәит 447 - ҩык. человек.         


Read 170 times - Ахәаша, 21 Рашәара 2024 00:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.