«Инаҵшьны иазгәаҭан Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәгылара азы акырӡа зҵазкуа ахықәкы анагӡара аҿы рызнеишьақәа ракзаара. Иазгәаҭан иара убас иарбоу ахықәкы анагӡара ганкахьала Қарҭи Аԥсни, даҽа ганкахьала Қарҭи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи ақырҭуа-аԥсуа, ақырҭуа-аахыҵ уаԥстәылатә ҳәаақәа аделимитациа апроцесс алагареи анаҩстәи урҭ рдемаркациеи рыда ишзалмыршахо», – ҳәа иазгәаҭоуп Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра адырраҭара аҿы.
20.Рашәара.2024
Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла Кавказнҭыҵ аҭынчреи ашәарҭадареи рышьақәгылара азы Женеватәи аилацәажәарақәа рызнеишьақәа ракзаара шьақәдырӷәӷәеит.
Аҟәа. Рашәарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 20 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Михаил Галузин Кавказнҭыҵ аҭынчреи ашәарҭадареи рышьақәгылара азы Жәларбжьаратәи Женеватәи аилацәажәарақәа рҿы аԥснытәии аахыҵуаԥстәылатәии аделегациақәа рнапхгаҩцәа, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәааи Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада аҳәынҭқарратә иабжьгаҩ Константин Кочиеви дырԥылеит.
Аиԥылара иалахәыз рашәарамза 25-26 рзы зымҩаԥгара азԥхьагәаҭоу Адискуссиақәа изаамҭанытәиу араунд аҽазыҟаҵара иалацәажәеит. Убри аан иарбоу аиҿцәажәаратә формат аусура ихадоу ахырхарҭақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан.