АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Рашәара.2024

Аҟәа ақалақь апрокуратура иаанкылаз ауаҩы иганахьала амч ахархәара инамаданы амаҵуратә гәаҭара мҩаԥнагоит.

Аҟәа. Рашәарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Асоциалтә ҳақәа рҿы амилициа аусзуҩцәа хаҵак ипҟара ишаҿу зну авидео алаҵәара инамаданы, Апрокуратура Хада иаанкылаз ауаҩы иганахьала амч ахархәареи амилициа аусзуҩцәа рмаҵуратә зинмчқәа рхыҳәҳәареи афакт ала амаҵуратә гәаҭара амҩаԥгареи ашьаус ахацыркреи рзы адҵа ҟанаҵеит.

Иарбоу афакт ала Аҟәа Апрокуратура ашьаусԥшааранӡатә гәаҭарақәа рымҩаԥгара иалагеит. Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла ашьаус ахацыркразы аӡбамҭа рыдыркылоит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аԥсны Апрокуратура Хада аофициалтә саит аҿы.

 

 


Read 116 times - Аԥшьаша, 20 Рашәара 2024 19:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.