АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Рашәара.2024

Аслан Бжьаниа В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза адгьылҵакыраҟны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Рашәарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҟны имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа хантәаҩра ззиуаз аусуратә еилацәажәара. Аилацәажәара иалахәын Ахада Ихаҭыпуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминисттр Џьансыхә Нанба, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы Лев Кәыҵниа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, иара убас еиуеиԥшым амаҵзурақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәеи аҳаирбаӷәаза аусзуҩцәеи. Аби азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылараҟны тема хадас иқәгылан аҳаирбаӷәаза комплексла арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа. Аилацәажәара алахәцәа инарҭбааны ареспублика атранспорттә инфраструктура аҿиаразы аҵак ду змоу ари апроект ду аганқәа зегьы ирзааҭгылеит.

Ҳазҭагылоу аамҭазы аусурақәа мҩаԥысуеит ашьҭԥраара-ртәарҭатә цәаҳәаҟны адҷарсҭақәеи аҳаирпланказармеи реиҭашьақәыргаларазы, аиԥшьырҭақәа агерметизациа рзуразы. Аперрон аҟны ихырәшахоит ахҟьа хыхьтәи аҿыгҳара ақәхра иазку аусура.

Ихыркәшоуп аинерттә материалқәа рышьҭаҵарҭақәа реиҿкааразы абаза азырхиаразы аусура.

Иара убас ихыркәшоуп аиҭашьақәыргылара апроцесс аан хархәара зауа ацемент-бетонтә зауадқәа реибыҭара.

Аилацәажәара ахыркәшара ашьҭахь Ахада дахәаԥшны ибеит ашьҭԥраара-ртәарҭатә цәаҳәаҟны аусурақәа шымҩаԥысуа.

 

 


Read 125 times - Аԥшьаша, 20 Рашәара 2024 18:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.