АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Рашәара.2024

30 шықәса раԥхьа Аԥсны иаларгалеит абжьаҟазаратә мчқәа рырхәҭақәа.

Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 21 рзы аԥсуа-қырҭуатә еиҿагылара азона аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара азы Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара Аколлективтә мчрақәа реилазаараҿы иҟаз урыстәылатәи абжьаҟазаратә архәҭақәа Аԥсныҟа ралагалара иадҳәалаз акыр зҵазкуаз ахҭыс ҟалеижьҭеи 30 шықәса ҵуеит.  Аԥсны абжьаҟазаратә операциа 1994 шықәса инаркны 2008 шықәсанӡа имҩаԥысуан.  Урыстәлатәи аҭынчратә аоперациа, «Ахымца аанкылареи  амчқәа реиҟәгареи» рзы лаҵарамза 14, 1994 шықәса рзы знапаҵыҩра мҩаԥгаз Москватәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, рашәарамза  21, 1994 шықәса рзы ихацыркын. Иара иазԥхьагәанаҭон аҭынчра ашьақәыргылара азы  Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара Аколлективтә мчрақәа раԥҵара, аха аус аҿы  14 шықәса рыҩныҵҟа абжьаҟазаратә операциа амҩаԥгара иадҳәалаз ақәыӷәӷәара зегьы Урыстәылатәи Афедерациа аруаа роуп иназыгӡоз.  Абжьаҟазаратә архәҭақәа Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа рхадацәа Рхеилак амандат иақәныҟәаны ауп рмиссиа шынарыгӡоз. Дара еиҿагылаз аганқәа реидыхра ацәаҳәа зегьы иахьаҵанакуа игылан, зыбжьазаара 85 километр, зыҭбаара 24 километр рҟынӡа инаӡоз аҵакыра ахылаԥшра арҭон. Урҭ ртәарҭа ҭыԥны иҟан Қырҭтәыла иаԥну Гал араион.

Рыцҳарас иҟалаз, ари амиссиа рыԥсҭазаара ақәырҵеит 117-ҩык урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа. Аԥсны абжьаҟазаратә миссиа назыгӡоз абжьаҟазаҩцәа рзы раԥхьатәи абаҟа ргылан  Аҟәа, аԥсуа-қырҭуатә еиҿагылара азона аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара азы Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара Аколлективтә мчрақәа рыштаб ахьыҟаз, МВО ҳәа изышьҭоу Москватәи арратә Округ иатәу ԥасатәи арратә гәабзиарачаԥарҭа «Аҟәа» адгьылҵакыраҟны. Абаҟа ахаҳә иагәыԥҟаауп ари амиссиа зыԥсҭазаара ақәызҵа 117-ҩык урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рыхьӡқәа. Урыстәылатәи абжьаҟазаратә архәҭақәа Аԥсны ралгара иалагеит жьҭаарамза 20, 2008 шықәса рзы, Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь.  14 шықәса ирҭагӡаз Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аҭынчра ашьақәгылара азы аколлективтә мчрақәа реилазаараҿы имҩаԥысуаз абжьаҟазаратә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны араҟа арратә маҵзура нарыгӡон 70  - нызықьҩык аруаа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Аҳаир-десанттә архәҭақәа, Урыстәыла Арра-ҳаиртә мчрақәеи Арра-мшынтә флоти рыруаа, аҳақьымцәа, ауаажәларратә специалистцәа. Урҭ зегьы Аԥсны имариамыз аҭынчратә маҵзура анагӡара иаҿын, дара аҭынч уааԥсыра ашәарҭадара иацәыхьчо ахаҵара,  апрофессионализм аадырԥшит. 2,5 нызықьҩык урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьахеит. Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа Аԥсны инарыгӡаз ароль атәы далацәажәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Олег Аршба: ««Ахымца аанкылареи  амчқәа реиҟәгареи» рзы лаҵарамза 14, 1994 шықәса рзы имҩаԥгаз Москватәи аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра – ари даара акыр зҵазкуаз политикатә шьаҿаны иҟалеит. Ақырҭуа ган уи анапаҵыҩра ахы ахьаланархәыз аибашьра аиҭалагара азы агарантиақәа шьақәнаргылон. Урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчқәа аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аҵыхәа ԥырҵәеит. Ҳара маҷк аԥсеивгаразы, анаҩс иҳаԥсҭазаашьахо азхәыцра азы алшара ҳауит.  Аполитикатә мчрақәа ас еиԥш ашьаҿа ҟарҵазар, уи иаанагоз рымчқәеи рылшарақәеи, насгьы иҟоу аҭагылазаашьеи ҳасаб азуны рхы мҩаԥыргон ҳәа ауп.  Ари аиашазы аихьӡара дууны иҟалеит».

Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба убасҵәҟьа игәалаиршәеит: «Аибашьра анынҵәа ашьҭахь Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахылаԥшрала аконфликт аҭышәынтәалара азы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан. Женевеи Москвеи имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәагьы ыҟан. Москва ақалақь аҿы лаҵарамзазы имҩаԥысуаз аҵыхәтәантәи аиҿцәажәарақәа раан аганқәа аибашьра аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит. Иарбоу Аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭон еиҿагылоу аганқәа реидыхра азы Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара абжьаҟазаратә мчқәа ралагалара.  Ари апроцесс алагеит рашәарамза 21 рзы.  Абжьаҟазаратә мчқәа аԥснытәии қырҭтәылатәии еиҿагылоу аганқәа рыбжьара, зҭагӡара 24 км. рҟынӡа инаӡоз абжьазаара – аҳәаа аҟынтәи аҩганк рганахьала 12-12 анаскьарала иҩагылеит. Ари ашәарҭадара азона акәхеит. Араҟа азин ыҟамызт арбџьармчқәеи ихьанҭоу арратә техникеи рыҟазаара азы. 12 километрак рҟынӡа инаӡон абџьар аԥкра азона ҳәа изышьҭазгьы. Араҟагьы азин ыҟамызт аганқәа иртәу арбџьармчқәа ртехника аҟазааразы. Амилициа акәзар, уи ахатәы абџьарҭаҩ акәын аныҟәгаразы азин иамаз». Сергеи Шамба Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра Аԥсны азы иаанагозгьы далацәажәеит: «Ҳара ҳзы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра акырӡа аҵанакуан, избан акәзар, уи Қырҭтәыла аҟынтәи иҿыцу агрессиа аԥхьырҟәҟәаара алнаршон. Убри инаркны Қырҭтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа аиҳарак адипломатиатә хырхарҭала ишьақәгыло иалагеит. Убри аан иазгәаҭатәуп,  Қырҭтәыла Аԥсны аганахьала  изныкымкәа апровокациақәа шымҩаԥнагоз. Иагьа ус иҟазаргьы, иазгәоумҭар залшом 14 шықәса инарзынаԥшуа ақырҭуа ган аҟнытә Урыстәыла Арбџьар Мчқәа ралгара азҵаара шықәыргылазгьы абжьаҟазаратә миссиа анапынҵа анагӡара шымҩаԥысуаз. Урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчқәа инарыгӡаз аусура амҽхак акырӡа идууп - 1500 - ҩык инареиҳаны аамҭак ала аҭынчра аиқәырхареи усҟан ажәлар рзы акрызҵазкуаз Егрытәи ацҳа ахьчара уахь иналаҵаны, аӡфымцастанциа ахьчареи алдыршон. Ишдыру еиԥш иара астанциа ахаҭа ҳара ҳганахь иҟоуп, аха аӡыхкыреи аӡеизакырҭеи - Қырҭтәыла аганахьала.    

Абжьаҟазацәа роуп ари аӡфымцастанциа аҿы ашәарҭадареи аусуреи алзыршоз. Рыцҳарас иҟалаз ари амиссиа рыԥсҭазаара ақәырҵеит 117-ҩык урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа. Аха Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар Мчқәа рыруаа Аԥсны шықәсырацәала аҭынчра аиқәырхареи аибашьра аиҭахацмыркреи рылшеит», –  ҳәа иҳәеит Сергеи Шамба.

Аԥсны иҟоу Приднетровие Азинмчы змоу ахаҭарнак,  Аԥсны атәылахьчара аминистр ԥыхьатәи ихаҭыԥуаҩ Гарри Кәпалба игәалаиршәоит абас: «Сара ибзиаӡаны исгәалашәоит уи амш –  лаҵарамза 21, 1994 шықәса. Избан акәзар, ҳара зегьы даара ҳазыԥшын урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа ацхыраара азы ианаҳзаауа ҳәа.  Ашәарҭадара азонақәа рҳәаакра мҩаԥган – аҳәаа аҟынтәи аҩганк рганахьала 12-12 анаскьарала зҭагӡара 24 км. рҟынӡа инаӡоз абжьазаара шьақәыргылан.  Усҟантәи аамҭазы ҳара ҳганахь иаауа иалагеит адиверсиатә гәыԥқәа, убри иахҟьаны иҭахон ауаа. Уи зегьы еиҿызкаауаз Қырҭтәыла иҷыдоу амаҵзурақәа ракәын. Иҟан иара убас абандитцәа ргәыԥқәагьы, урҭ ари аҵакыра бзианы ишырдыруаз ала, анаҩс аҿыхԥа аиуразы ауаа рԥаара еиҿыркаауан. Абжьаҟазаратә миссиа амҩаԥгара аамҭа аҩныҵҟа аԥсуа-қырҭуатә ҳәаа зынӡа иахысит 70 нызықьҩык рҟынӡа ауаа.  Усҟан араҟа игылаз зегьы жәаҳәарада рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы рырратә уалԥшьа нарыгӡон. Урҭ зегьы Аԥсны  ашәарҭадара ашьақәыргылара аҿы рлагала алоуп. УА АМ аҟнытә абжьаҟазаратә  мчқәа ихадароу ароль нарыгӡеит аибашьра аанкылареи аԥхьаҟагьы аимак арӷыӷкра алмыршареи рзы. Абжьаҟазацәа ирылшоз зегьы ҟарҵеит амандат анагӡара азы»». 

                                                           

 

 

 


Read 139 times - Ашәахьа, 24 Рашәара 2024 01:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.