АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Хәажәкыр.2024

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадара Аусбарҭа азаҵәылаҭиратә хәаахәҭра аобиектқәеи ирҭиуа аалыҵ ахаҭабзиареи ргәаҭара мҩаԥнагоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥхынтәи акурорттә сезон аламҭалазы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ипопулиару атуристтә маршрутқәа зегьы рҵакыраҿы ашәарҭадареи азинеиҿкаареи рышьақәыргылара иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Иахьа амшын аԥшаҳәа аҿы ауаа митәык ирацәаӡам, аха ааԥын анҵәамҭазы ауаажәларра еиҳа иахьеизо аҭыԥқәа рҿы арлахҿыхратә комплексқәеи адегустациатә залқәеи, кавказтәи афатә аалыҵқәеи арыжәтәқәеи анҭыҵтәи рыҭирҭақәа ҟалоит. Араҟа ҷыдала ихадоуп ирҭиуа аалыҵ ахаҭабзиара анормақәа рықәныҟәара.  

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  Роберт Киут иҟаиҵаз адҵа ала, аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа азаҵәылаҭиратә хәаахәҭра аобиектқәеи ирҭиуа аалыҵ ахаҭабзиареи ргәаҭара мҩаԥнагоит.   Иарбоу аусмҩаԥгатәқәа ахархәаҩцәа рзинқәа рыхьчара иазырхоуп.

2023 шықәсазы иҳаҩсыз асезон азы агәаҭара-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалҵшәаны аконфискациа мҩаԥган 12 тонн рҟынӡа аконтрафакттә арыжәтә џьбара. Агәаҭарақәа мҩаԥган ареспублика акурорттә раионқәеи ақалақьқәеи  рҿы имҩаԥысуан.  

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иҭрыжьуа, ирҭиуа арыжәтә џьбара  ахаҭабзиареи азакәанреи зырҵабырго азинҭаратә усшәҟәқәа рыҟазаара шхымԥадатәиу азы агәҽанызаара ҟанаҵоит.

Атауар ахаҭабзиара анормақәа ишрықәшәо ала асертификат ада аалыҵ аҭира административтә хьырхәра  иаҵанакуа азинеилагара ауп.  Азакәан еилазго аусура назыгӡо ахаҿқәа аҭакԥхықәра рыдҵахоит.


Read 200 times - Аԥшьаша, 14 Хәажәкыр 2024 01:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.