pressadmin-2
«Крокус Сити Холл» аҿы иҟалаз атеракт аан уажәазы иҟоу адыррала иҭахази ахәрақәа заузи рыбжьара Аԥсны атәылауаа ыҟаӡам.
Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа хәажәкырамза 22 ахәылбыҽха «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт дахцәажәеит.
«Ҳара ӷәӷәала ҳақәыӡбоит Москва амҵан иҟалаз, хыԥхьаӡара рацәала ауаа рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз, шәҩыла ааха рызҭаз ари агәымбылџьбаратә атеррорист акт.
Иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи ҳрыдышшылоит, ахәрақәа зауз ргәабзиара шьақәгыларц рзеиӷьаҳшьоит.
Аинформациатә Маҵзура ТАСС: «Крокус Сити Холл» аҿы атеракт. Афактқәа.
Москва. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аинформациатә Маҵзура ТАСС. Хәажәкырамза 22 ахәылбыҽха, гәыԥҩык бџьарла еибыҭаз ауаа Москва ақалақь, убри аамҭазы агәыԥ «Пикник» аконцерт алагараны иахьыҟаз аконцерттә зал ду «Крокус Сити Холл» иақәлеит.
Идырым шьоукы «Крокус Сити Холл» аҿы ахысра иалагеит. Владимир Путин атеракт шыҟалазҵәҟьа иаразнак ахҭыс азы адырра ирҭеит. Иара иааиԥмырҟьаӡакәа еиуеиԥшым амаҵзурақәа рҟынтәи адыррақәа иоуеит, ҳәа ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит урыстәылатәи Афедерациа Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
Урыстәыла Аусеилыргаратә Комитет адыррақәа рыла, иҟалаз атеракт аҿы 115-ҩык ҭахеит. Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура адыррақәа рыла 100 - ҩык инареиҳаны ааха роуит.
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко ахәышәтәырҭақәа рахь инагаз, 115-ҩык рахьынтә 5-ҩык ахәыҷқәа роуп, ҳәа адырра ҟаиҵеит.
60-ҩык рҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩуп.
Агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы иҟарҵаз адыррақәа рыла иҟалаз атеракт иахҟьаны х-ҩык ахәыҷқәа рыԥсҭазаара иалҵит, ахәышәтәырҭақәа рҿы иҟоуп 121-ҩык ааха зауз.
Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра адыррақәа рыла, ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 107-ҩык атеракт аҿы ааха зауз ауаа.
600-ҩык инареиҳаны адонорцәа арыцҳара аныҟала раԥхьатәи асааҭ азы ашьа арҭеит.
Ахысрақәа рзы адырра ашьҭахь акомплекс аҿы аҭҟәацреи уи инашьҭарххны амцакреи шыҟалаз азы аинформациа ҟалеит.
Абылра ауадаҩра иреиҳау аҩаӡара анаршьеит.
Ахыбра аиҳарак амца амҽханакит, алҩақ ӷәӷәала иқәчит.
Акомплекс иблыз ахыбра аиҳарак еилабгеит. Ашырԥазы, асааҭ 0:55 аламҭалазы амца аанкылара алыршахеит.
Атәыла анапхгара ареакциа
Урыстәылатәи Афедерациа Аусеилыгаратә Комитет атеракт азы ашьаусеилыргара хацнаркит. Иҷыдоу амчратә структурақәа иахәҭоу аусҩаԥгатәқәа зегьы нарыгӡоит, ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура аҟны иҟоу аконституциатә шьақәгылашьа ахьчареи атерроризм аҿагылареи рзы Аусбарҭа (ЦОС ФСБ) аҿы.
Москва ақалақь аҿы Ашҭа Ҟаԥшь, аҳаирбаӷәазақәа, авокзалқәа, астанциақәа, уҳәа, астратегиатә обиектқәа зегьы рҿы ҷыдала ахьчара рӷәӷәоуп.
Амассатә усмҩаԥгатәқәа зегьы рымҩаԥгара аԥыхуп.
Атеракт инамаданы ашәарҭадара ауснагӡатәқәа дырӷәӷәеит Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәак рҿы, Москватәи арегион, Лугансктәи Жәлартә Республика, Даӷьсҭан, Нхыҵ Уаԥстәыла, Тулатәи аобласт, уахь иналаҵаны.
Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура адиректор Алеқсандр Бортников, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Владимир Колокольцев, УА Аусеилыргаратә Комитет ахантәаҩы Алеқсандр Бастрыкин, Урыстәыла агвардиа адиректор Виктор Золотов Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин атеракт азы аусеилыргара шымҩаԥысуа азы адырра ирҭеит.
УА Аусеилыргаратә Комитет иҟанаҵаз адыррақәа рыла, «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт азы игәҩароу ԥшьҩык аанкылоуп.
Сергеи Шамба «Крокус Сити Холл» имҩаԥгаз атеракт аҟны иҭахаз рҭаацәарақәа дрыдышшылеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба "Крокус сити холл" имҩаԥгаз атеракт аҟны иҭахаз рҭаацәарақәа дрыдышшылеит.
«Аҭынч уааԥсыра рганахьала имҩаԥгоу атеракт ҳақәыӡбоит», - ҳәа иҳәеит Сергеи Шамба.
Аҟәа ақалақь апрокуратура Сергегиа Ҭенгиз Игор-иԥа иганахьала ашьаусеилыргара хацнаркит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 20, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура Сергегиа Ҭенгиз Игор-иԥа иганахьала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1 (абџьар изакәанымкәа аахәара, аиагара, аҭира, аҵәахра, аныҟәгара), ахәҭаҷ 99, ахәҭа 1 (ауаҩшьра) иазԥхьагәарҭо ацәгьоурақәа рыла ашьаусеилыргара хацнаркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.
Заанаҵтәи аусҭҵаара аусбарҭа ишышьақәынаргылаз ала, хәажәкырамза 20, 2024 шықәса, 20 сааҭи 10 минуҭи рзы, Сергегиа Ҭенгиз Игор-иԥа зкузов шкәакәоу, автомашьына «Mercedes-Benz» (амодель «S-222», ашәҟәҭагаларатә номер О 840 ОВ – АВН змоу) ала Ханазариан А.С дахьыҟаз, Аҟәа ақалақь Коӷониа имҩала игылоу аҩны №37 ахь днеит.
Адунеизегьтәи апоезиа Амш азгәарҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра аҿы.
Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адунеизегьтәи апоезиа Амш иазкыз аусмҩаԥгатә «Аԥсуа поезиа хы-бжьык» мҩаԥысит аԥшьаша, хәажәкырамза 21 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра Акультура-ҵарадырратә Центр аҿы.
Б.Шьынқәба ихьӡ зху аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1, А. Чехов ихьӡ зху аҟәатәи абжьаратәи ашкол №14 арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи, иара убас ААУ астудентцәа аԥсуа поетцәа Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, Таиф Аџьба рырҿиара ргәаладыршәеит.
Уарча ақыҭан ашкол аҿы Жәларбжьаратәи апоезиа Амш азгәарҭеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 21 рзы Аԥсны ашәҟыҩцәа Реидгыла Гәылрыԥшь араион Уарча ақыҭан Д.И.Гәлиа ихьӡ зху абжьаратәи ашкол аҿы Адунеизегьтәи апоезиа Амш иазкны аусмҩаԥгатә еиҿнакааит.
Адунеизегьтәи апоезиа амш — есышықәса, хәажәкырамза 21 рзы иазгәарҭо ныҳәоуп. Уи абҵарамза 15, 1999 шықәсазы ирыдыркылаз Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу аблахкыгарҭақәа Адунеизегьтәи аҭынха асиа иалазгало, аҵарыдырра, анаукеи акультуреи рызҵаарақәа рзы аҷыдалкаатә Еиҿкаара (ЮНЕСКО) аконференциа Хада 30-тәи асессии арезолиуциа аҿы ишьақәырӷәӷәан. Аныҳәа ашьақәырӷәӷәара хықәкыс иаман – «амилаҭтә, арегионалтә, жәларбжьаратәи апоезиатә ҵысрақәа иҿыцу аимпульси иҿыцу азхаҵареи рыҭара».
Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла 2012 шықәса инаркны есышықәса иазгәанаҭоит Адунеизегьтәи апоезиа амш, аныҳәа ахьӡала еиҿнакаауеит алитературатә хәылԥазқәа. Сынтәа апоезиа аныҳәа аԥсуа литература апатриарх, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра иазку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Крокус сити Ахолл" аҟны иҟалаз атеракт иахҟьаны ауаа рҭахара инамаданы В.В. Путин ихьӡала адышшылара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Крокус сити Ахолл" аҟны иҟалаз атеракт иахҟьаны ауаа рҭахара инамаданы В.В. Путин ихьӡала адышшылара ҟаиҵеит.
Адышшылараҟны иҳәоуп:
«Гәалсра дула иҳадаҳкылеит Москва амҵан иҟалаз агыгшәыгратә теракт иахҟьаны хара змамыз ауаа рҭахара
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра: Аҟәа араион аҿы ирымхуп 177 цыра амаининг-аппаратқәа.
Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа, анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәаршара ахылаԥшра азы Аусбарҭа Хадеи Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи аусзуҩцәа Аԥсны Аҳәынҭстандарт аспециалистцәа рыцны изакәанымкәа афымцацәаҳәақәа аҽаԥшьреи акриптовалиута арҳара азы аусура амҩаԥгареи рыԥхьырҟәҟәара иазку аоперативтә-профилактикатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан амаининг-ферма рыԥшааит.
Ашәба Руслан Алеқсандр-иԥеи Жовнир Георги Ҭемыр-иԥеи иртәыз 177 аппарат, Ешыратәи амҩа 9-тәи абжьысырҭа аҿы иҟоу, уаҩ дахьнымхо ахатәы хыбра иахьаҵанакуа ишьақәыргылан.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра: «Крокус Сити Холл» иҟалаз атрагедиа адунеизегьтәи аилазаара иахәҭоу ахәшьара анаҭароуп!
Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аконцертә зал «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.
«Аҭынч уааԥсыра гәымбылџьбарала рышьра зыриашо ҳәа акгьы ыҟаӡам. Атеракт еиҿызкаази иназыгӡази ирыхәҭоу ақәнага иақәыршәатәуп. Иҟалаз атрагедиа адунеизегьтәи ауаажәларра иашьашәало ахәшьара арҭароуп! Ҳрыдышшылоит иҟалаз атрагедиа аҿы зыуацәеи зҭынхацәеи ҭахаз зегьы. Ааха зауз зегьы ирзеиӷьаҳшьоит иаарласны ршьапы иқәгыларц», – ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аҿы.
Атәыла аԥыза-министр афымцамч ала аиқәыршәара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ареспублика афымцамч ала аиқәыршәара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аԥыза-министр ареспублика аенергетикеи атранспорти Рминистрра Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч алархәны 2024 шықәса аҩбатәи аԥшьбара азы афымцамч ахархәара амҽхак азы азԥхьагәаҭарақәа рыҟаҵареи афымцамч ала аиқәыршәараҿы аиԥҟьарақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы иназыцҵоу ажәалагалақәа рыҟаҵаразы адҵа аиҭеит.








