АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынгәы.2024

Аԥсны абылтәы џьармыкьа аҭышәынтәалара азы аамҭалатәи ауснагӡатәқәа ралагаразы Ақәҵара рыдыркылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы «Аԥсны абылтәы џьармыкьа аҭышәынтәалара азы аамҭалатәи ауснагӡатәқәа ралагаразы Ақәҵара рыдыркылеит.

Аԥсны абылтәы џьармыкьа алахәылацәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи ареспубликаҿы абылтәы азымхара (адефицит) аԥхьырҟәҟәаареи хықәкыс иҟаҵаны, Аминистрцәа Реилазаара аҿы хәажәкырамза 1, 2022 ирыдыркылахьаз  «Анефтаалыҵқәа рыхкқәак рзы аизакылаҭиратәии азаҵәылаҭиратәи ахәԥсақәа рышьақәыргылара аԥҟара ашьақәырӷәӷәареи анаӡаратә хәаахәҭратә цҵақәа рышьақәыргылареи рзы» Ақәҵара   № 18 аиҭакрақәа ралагаларазы аӡбамҭа аднакылеит.  

Ақәҵарала уажәтәи аамҭазы Аԥсныҟа абылтәы аимпорт амҩаԥгара азы алшара змоу анаплакқәак рыла нефтаалыҵ ахкқәак рыҭираан иҿыцу анаӡаратә ахәаахәҭратә цҵақәа шьақәнаргылоит. Иарбоу ақәҵара адкылара ахымԥадатәра ҳазҭоу 2024 шықәса ԥхынгәымза 1 аҟынӡа аус зуа Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Урыстәылантәи Аԥсныҟа абылтәы аагара хазхаҭалатәи азин зауа аагаҩ иалкааразы иаднакылаз аӡбамҭа иадҳәалахеит. Убри инамаданы, атәыла анапхгара аӡбамҭа аԥҟарақәа аамҭалатәи аҟазшьа рымоуп.

Ԥхынгәымза 1, 2024 шықәса инаркны абензин  «Регуляр-92» аҭираан тоннак абылтәы азы ахәԥса ахь абарҭ анаӡаратә хәаахәҭратә цҵақәа  алагалахоит:

– 8% – анефтаалыҵқәа еизакны аҭираан;

– 4% — Аԥсныҟа анефтаалыҵқәа хазхаҭала рекспорт амҩаԥгаразы аҷыдалкаатә зин змоу аилахәыра «Роснефти» уи иаҿыгоу анаплакқәеи абылтәы аагара азы аиқәшаҳаҭрақәа (аилаӡарақәа) зыбжьазҵаз анаплакқәа рыла аизакылаҭира ду амҩаԥгара аан;

– 10% –Аԥсны аҩныҵҟа иаахәаз анефтаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;

– 14% – Аԥсны аҩныҵҟа анефҭаалыҵ аимпортиорцәа рҟны аизакылаҭира ду аҳасабала иаахәаз анефҭаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;

– 18 % – Аԥсны анҭыҵ иаахәаз анефҭаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;

Аоктантә хыԥхьаӡара 95, ма уи инеиҳаны измоу абылтәы аҭираан  анаӡаратә хәаахәҭратә цҵа наӡоит:

– 4% – анефтаалыҵқәа римпортиорцәа рыла аизакылаҭира ду аҳасабала анефтаалыҵқәа рыҭираан;

Адизельтә былтәы аҭираан:

– 4% – анефтаалыҵқәа аизакылаҭира амҩаԥгараан, анефтаалыҵқәа римпортиорцәа рыла анефҭаалыҵқәа аизакылаҭира ду аҳасабала рыҭирагьы уахь иналаҵаны;

– 6% – Аԥсны аҩныҵҟа иаахәаз анефҭаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;

– 10% – Аԥсны анҭыҵ иаахәаз анефҭаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;

– 6% – Аԥсны аҩныҵҟа анефтаалыҵқәа римпортиорцәа рҿы аизакылаҭира ду аҳасабала иаахәаз анефтаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан.

Убри аан анефтаалыҵқәа «ирацәаны еизакны аҭира», «аизакылаҭиа ду» ҳәа иԥхьаӡоуп анефтаалыҵқәа римпортиор ила Аԥсны аҩныҵҟа анефтаалыҵқәа рыҭира назыгӡо анаплакы азы знык ала иаарго 120 тонна иҟоу ма еиҳау абылтәы амҽхак.

Аоктантә хыԥхьаӡара 95, ма уи инеиҳаны измоу абылтәы, иара убас абазатә екологиатә, ма ахархәаратә ҟазшьарбагақәа змоу афирматә мотортә былтәы аганахьала  аизакылаҭиратәи (аизакылаҭира ду уахь иналамҵакәа) азаҵәылаҭиратәи ахәԥсақәа абылтәы аҭицәа аџьармыкьатә кониуктура аҟынтәи аџьармыкьатә економика апринципқәа рықәныҟәарала, амзартә мшы иалагӡаны ахәԥсақәа рыҽшеиҭарымкәа шьақәырӷәӷәаны, иара убас ирҭиуа абылтәы ассортимент аҿы иарбоу аамҭахәҭа азы ишьақәыргылаз ахәԥсақәа рыла абылтәы аҟазаара алыршарала ишьақәдыргылоит.   

Аенергетикеи атранспорти Рминистрра адырра шыҟанаҵо ала, Ақәҵараҿы иарбоу аԥҟарақәа ирыбзоураны Аԥсны абылтәы азы аџьармыкьа алахәылацәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа аԥҵахоит, убри аан ҳасаб азухоит ареспубликахь абылтәы аазышьҭуа Урыстәыла заҵәык шакәу атәы зҳәо Аиҳабыра рықәҵара.

Убри аан аҳәынҭқарратә ҭышәныртәалара иаҵанакӡом аоктантә хыԥхьаӡара 95 змоуи уи еиҳаны измоуи абылтәы еидкыланы, ма хаз-хазы рыҭира аканалқәа, уи иабзоураны аџьармыкьа алахәылацәа алшара роуеит ахашәала еиҳаны аиура.

___

Ақәҵара атекст нагӡаны уаԥхьар ҟалоит аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит аҿы абри азхьарԥш https://km-ra.org/news/vvedeny-vremennye-mery-po-regulirovaniyu-toplivnogo-rynka-abkhazii/ ала.  

 

 

 

 

 

 


Read 263 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.