Ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа Аҟәа ахаҿра ацәмырӡӡакәа еиқәырханы иаанагоит. Ҭоурыхла иӡрыжәуп аҟнытә ибеиоу аҭоурыхтә ҭынха, аихьӡарақәа, фырхаҵарала зыԥсадгьыл ахьчара зылшаз аҵеицәа рыла, зааԥсарала ахьӡ ҭызгаз ауаа рыла агәы дууп. Ақалақьуаа ахаангьы аамҭа иацны иааиуаз ауадаҩрақәа ириааины, ақалақь традициала иамаз аԥхарра, арҿиаратә гәазыҳәара ацәаҩа аҟәнырҵон. Аҟәаа есқьынгьы ҷыдала рықалақь абзиабара рыман, агәбылра рыцын.
Ҳара агәра ҳгоит ааԥсара ззымдыруа, абаҩхатәра згым ҳаҳҭнықалақь иқәынхо ауааԥсыра аԥхьаҟагьы рықалақь гәакьа абеиара, уи аҿиареи аизҳареи ишацхраало, иҿыцу асоциалтә обиектқәеи ҳаамҭазтәи анаплакқәеи раԥҵара аус ишалахәхо.
Еицакра ақәымзааит ҳақалақь Аҟәа аҭоурых! Хҭыс бзиала ибеиазааит. Ара инхогьы уи иаҭаауа асасцәагьы насыԥ рызҭо, рыгәҭакқәа ахьынаӡо ҭыԥны иҟазааит!
Ԥеиԥш бзиа, ҳаҳҭнықалақь Аҟәа!».