АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Ԥхынгәы.2024

Афильм «Fragility»: аԥсҭазаареи акультуреи руашәшәыразаара азхәыцра.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы Иреиҳаӡоу аекономика ашкол астуденткацәа  Елизавета Ҳашбеи Ева Рафаелиани рдипломтә усумҭа, зметраж кьаҿу fashion-фильм «Fragility» («Ауашәшәыразаара») арбара мҩаԥысит.

Афильм авторцәа аҭоурыхтә, акультуратә, аетнографиатә, акинеотографиатә, алитературатә усумҭақәа рҟынтәи ироуз агәазҭазаарала авизуалтә хархәагақәа рхы иархәаны акультуратә, ауаҩытәыҩсатә, аԥсабаратә ԥсҭазаара ауашәшәыразаареи акульуратә ҭынха ахьчара аҵакдуреи иазхәыцит.

Афильм авторцәа ражәақәа рыла, дара еицынарыгӡоз аусура аҿы х-хырхарҭак – амода, акино, доусы Рыԥсадгьылқәа реидкылара рҽазыршәеит. Ари ахырхарҭа усҟан иҟалаз ахҭыс бааԥсқәа ишьақәдырӷәӷәеит: ҭагалан, 2023 шықәсазы Ермантәыла адәныҟаполитикатә конфликтқәа акыр реибарххара ҟалеит,  аӡынра, 2024 шықәсазы иблит Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа.  

«Ҳаицәажәарақәа раан ҳара зегьы ҳазлыху, ҳааигәа-сигәа иҟоу, ҳаԥсҭазаара зыдҳәалоу, аиҳарак иаразнак иӡыр зылшо акультуратә ҭынха ауашәшәыразаара атема еиҳа лассы-лассы ҳазааҭгыло ҳалагеит», –  ҳәа «Москватәи Аԥсуа Дисапора» ала еиҿкаахаз афильм аӡыргара аҿы дықәгыло иазгәалҭеит Елизавета Ҳашба.


Read 235 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.