АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Ԥхынгәы.2024

«Ахьӡ архынҳәра»: илахьынҵахаз еилкаахеит Аԥсны иалҵыз Ар Ҟаԥшь аруаҩ Удмур Цурцумиа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 83 шықәса рышьҭахь еилкаахеит Аԥсны иалҵыз Ар Ҟаԥшь аруаҩ Удмур Царцумиа илахьынҵахаз атәы.   Иара диит 1909 шықәсазы Аҟәатәи аокруг (уажәы Очамчыра араион) Кәыдрытәи аучасток Гәыԥ ақыҭан. 1939 шықәсазы уи Ар Ҟаԥшь ахь ааԥхьара иоуит.  Ҭагалан, 1941 шықәсазы далахәын Москва ахьчаразы аидыслара. Акыр аамҭа уи ихабар ҳәа акгьы ыҟаӡамызт.

Абарҭ ашықәсқәа зегьы аибашьҩы изы архивқәа зегьы рҿы хабарда дыбжьаӡит ҳәа адыррақәа ыҟан. Аха арра-мемориалтә проект «Ахьӡ архынҳәра» аволонтиорцәа Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра архив Хада аҿы ирыԥшааит адырранҵа. Уи аруаҩ Удмур Цурцумиа Смоленск ақалақь азааигәара ӷәӷәала дхәын, иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәамза 6,  1942 шықәса рзы, анышә дамадоуп Смоленсктәи аобласт аҿы ҳәа иарбан.

Ари адырранҵа иҭахаз аибашьҩы иуацәеи иҭынхацәеи ирызҭаз апроект анапхгаҩы Григори Скворцов ишазгәеиҭаз ала, аинформациа аԥшараан ацхыраара ду ҟарҵеит Аҟәатәи азеиԥшарратә ҵарауирҭа акурсантцәа.


Read 220 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.