АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Ԥхынгәы.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҟәаа ақалақь Амшныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы имҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь Амш иазку аныҳәатә концерт.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа ақалақь Амш азгәаҭара иазкыз аныҳәатә концерт далахәын. Аусмҩаԥгатә иара убас иаҭааит Аҟәа Администрациа ахада Ешба Беслан, Аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра.

Аҳәынҭқарра Ахада еизаз рҿаԥхьа адныҳәалара ҟаҵо дықәгылеит: 

«Ҳаҭыр зқәу аҟәаа!

Ҳаҭыр зқәу асасцәа, иахьатәи аныҳәа зхы алазырхәыз зегьы! Аҟәа аԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы зегьы иҳалшо ҟаҳҵар, хымԥада, акырӡа иԥшӡахоит, досу анхара-анҵыразы агәаҳәара шәыманы шәҟалоит!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ҳақалақь Амш! Иахьа иазгәаҳҭо аныҳәа еиднакылоит Аҟәа бзиа избо, згәы азыбылуа зегьы. 

Аҟәа 25 шәышықәса инареиҳаны Аԥсны аҭоурыхи акультуреи, ацәаҩеи атрадициақәеи ирсимволны иҟоуп. Ара, зеиԥшыҟам агәалаҟазаара шьақәыргыло ажәытәреи иахьатәи аамҭеи еиларсуп. 

Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Аҟәа аҿиареи аизҳазыӷьареи зымч-зылша азызкыз. Ҳара агәра ҳгоит ҳақалақь аԥшӡара, ахаара есааира ишацло, адунеи зегьы аҟнытә арахь аара иазгәышьуа ишыҟало. 

Абри аныҳәамш азы Аҟәа иқәынхо зегьы аӡәаӡәала ирзеиӷьасшьоит ахирра, аҭынчра, аизҳара. Ишәҭааит, иҿиалааит ҳаҳҭнықалақь! Сара агәра згоит ҳаидгыланы аԥхьаҟа иҵегьы еиӷьны ишыҟаҳҵо.

Ҽаанбзиала, Аҟәа!»

 

 


Read 201 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.