Шәача ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Елена Каниук убасҵәҟьа Аҟәа ақалақь иқәынхо зегьы аныҳәа рыдныҳәало илҳәеит: «Даара сеигәырӷьоит иахьа ари акыр зҵазкуа ахҭыс сахьалаху. Ишәыдысныҳәалоит ари аныҳәа шьахә!».
Казан ақалақь Жәларбжьаратәи аимадарақәа Русбаҭа анапхгаҩы Арсени Кариакин уажәада Аԥсныҟа дшымаац атәы азгәеиҭеит.
«Сара раԥхьаӡа акәны Аҟәа ақалақь, Аԥсны саҭааит. Даараӡа иԥшӡоу қалақьуп, акы иаламҩашьо атмосфеа шьақәгылоуп араҟа. Казан акыр шықәса раахыс жәларбжьаратәи аимадарақәа амоуп. Аха Аҟәеи Казани аиамадара рыбжьарҵеижьҭеи уамак ҵуам ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Ус ишыҟоугьы, иҳаҩсыз ҩба-хԥа шықәса ирылагӡаны ҳара ҳаизыҟазаашьақәа апартниортә адагьы аимабзиаратә, аиҩызаратә ҟазшьа змоу еимадараны ишьақәгылеит. Ари аус аҿы хаҭала илагала дууп Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба. Ҳара есымша гәахәара дула иҳадаҳкылоит, рбара ҳаигәырӷьоит Аԥснынтәи асасцәа», – ҳәа иҳәеит иара.
Санкт-Петербург Ленинсктәи араион ахада Иулиа Мишьук еизаз зегьы аныҳәа рыдылныҳәалеит.
«Аҟәа ақалақь амшира шәыдысныҳәалоит, аҩызцәа! Сара сзы Аԥсны исызгәакьоу тәылоуп, сара лассы-лассы арахь сасра саауеит, аӡәырҩи сареи аиҩызара бзиа ҳабжьоуп. Иаарласны аҳаирбаӷәаза аргылареи аартреи ишиашоу ала аимадара абжьаҵареи шәзеиӷьасшьоит», – ҳәа илҳәеит лара.
Тамбов ақалақь ахада, ақалақьтә Дума ахантәаҩы Елена Леонова Тамбови Аҟәеи абар шьҭа 12 шықәса аиашьара зыбжьоу қалақьқәаны иҟоуп ҳәа иазгәалҭеит.
«Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа ҳара аиҩызаратәи апартниортәи аизыҟазаашьақәа ҳабжьалеит, урҭ ессааира аҿиара иаҿуп. Аԥсуа дгьыл аҿы иҟоуп ҳара ҳҵарадырра аусзуҩцәа, ҳара акультуратә еимадара ҳабжьоуп. Аринахысгьы Аҟәа ақалақь ашәҭыкакаҷреи аизҳазыӷьареи ҳалагәырӷьо иҟалаааит. Сара Аԥсныҟа 2011 шықәса раахыс смааӡацызт, иацы, аӡиа Риҵа ҳаныҟаз, сара сыблала избеит зегьы аҽшеиҭанакыз, шаҟа иԥшӡахаз, иманшәалахаз зегьы, убас иҟалааит аринахысгьы», - ҳәа илҳәеит лара.
Луганск ақалақь ахада аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Иана Пашьенко Лугански Аҟәеи акыр ҵуеит аиҩызара рыбжьоижьҭеи ҳәа иазгәалҭеит.
«Ҳара агәыӷра ҳамоуп хара имгакәа ҳаргьы ҳақалақьқәа аиашьара рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра ҳнапы шаҵаҳаҩуа. Даара иубаратәы иҟоуп ақалақь аҿиара ишаҿу. Аҟәа ақалақь ашәҭыкакаҷреи иреиӷьу ахҭысқәа рыҟалареи азеиӷьасшьоит», – ҳәа илҳәеит лара.
Аиԥылараан Уфа ақалақь ахада Ратмир Мавлиев Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Башкортосҭан аҳҭнықалақь 450 шықәса ахыҵра аныҳәахь, иара убас Аҟәа аԥшаҳәаҿы игылоу агәашьаркыра аҩызаҵәҟьа аӡиас Белаиа аԥшаҳәаҿы аартра иазку аусмҩаԥгатә ахь ааԥхьара ииҭеит.
Ратмир Мавлиев инаҵшьны иҳәеит ареспубликақәа рыҩбагьы реизыҟазаашьақәа аиҩызареи апатуеиқәҵареи шьаҭас ишрымоу, реиқәшаҳаҭрақәа зегьы лҵшәа бзиала ишынарыгӡо.
Беслан Ешба, ҳазҭоу ашықәс азы аиашьаратә қалақьқәа алархәны ирацәаны аусмҩаԥгатәқәа азԥхьагәаҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара даараӡа ҳазгәдууп арҭ аизыҟазаашьақәа, урҭ рырҿиареи рырӷәӷәареи азы иҳалшо зегьы аҟаҵара ҳазхиоуп», – ҳәа иҳәеит иара.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз уи иалахәыз зегьы агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.