Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Амшныҳәа азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәа ақалақь, Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҿы «Аҟәа ақалақьи (Ареспублика Аԥсны) Донецктәи Жәлартә Республика амуниципалтә еиҿкаара ақалақьтә округ Донецки (Урыстәылатәи Афедерациа) аиашьаратә еизыҟазаашьақәеи аусеицуеи рыбжьаҵара азы» Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа мҩаԥысит.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра иадҳәалаз ацеремониа ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа иалагаанӡа игеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ргимнқәа.
Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи Донецк ақалақь ахада Алеқсеи Кулемзини.
Аиқәшаҳаҭра атекст аҿы ишарбоу ала, аганқәа ирыԥхықәроуп:
– Адокумент ишаҳәо ала, аганқәа ажәларқәа рыбжьара аилибакаареи, аиҩызареи, аконструктивтә еицәажәарақәеи рзы аҩқалақьк русеицура аҵак ду шамоу азхарҵоит, ихадоуп ҳәа иагьырԥхьаӡоит;
– Аҩган рпотенциал анагӡара азы аусеицура нарыгӡоит;
– аизыҟазаашьақәа агәреибагара, аусеицура, аицхыраара, агәаартра, гәык ала аҟазаара, аҳалалра апринцип ала ишьаҭаркуп;
– Аҟәеи Донецки ақалақьқәа руааԥсыра ринтересқәа ирықәшәо иаарту адиалог, апартниорра, аҩганк еицырзыфеидоу аимадарақәа рышьықәыргылара, аԥышәеимадареи апроектқәа реицынагӡареи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара аҵак ду арҭоит.
Беслан Ешба иахьа Аҟәа ныҳәоуп – ақалақь амшира азгәарҭоит ҳәа иҳәаеит. «Ари акыр зҵазкуа амш аҽны ҳара ҳгәырӷьара ҳацеиҩыршарц иаҳзааит ҳҩызцәа, аиашьаратә қалақьқәеи хара имгакәа аиашьаратә қалақьқәаны иҟалараны иҟоуи рхаҭарнакцәа. Ҳара ҳзы даара акыр аанагоит ҳтәыла, ҳаҳҭнықалақь иаҭаауа зегьы ргәалаҟазааара бзианы доусы рыҩныҟақәа рахь ихынҳәырц. Ҳара иҳамоуп узхәаԥшыша, аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рыла ҳбеиоуп», – ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.
Алеқсеи Кулемзин ҩ-қалақьк ирыбжьоу аиҩызара акыр зхыҵуа аҭоурых амоуп, иахьатәи амш акәзар, аҩ-қалақь рзы абизнес аусхкгьы уахь иналаҵаны, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ифеидоу аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рзинтә шьаҭа ауасхыр анышьҭаҵахо мшны иҟалоит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аиҩызара – ари ажәа иаанаго даараӡа ирацәоуп. Уи раԥхьаӡа иргыланы уашьа, уҩыза ихыбаара, ауадаҩрақәа зегьы рыӡбараҿы иваглара, ацхыраареи адгылареи иҭара ауп иаанаго. Аԥҭазаараҿы, ишдыру еиԥш, ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп. Убри аҟнытә абзиараҿы еиԥш ацәгьараҿы аҩыза, аиашьа идгылара акырӡа аанагоит. Сара гәахәара дула ари Аиқәшаҳаҭра снапы аҵазыҩцеит, уи сазыразуп», – ҳәа иҳәеит Алеқсеи Кулемзин.
Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭаз Беслан Ешбеи Алеқсеи Кулемзини агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.