Аҟәатәи араионтә Еизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алхас Ҭарба амҩа ҿыц роуеит 40 ҩны рҿы инхо ауаа ҳәа иазгәеиҭеит.
«Амҩа иаҿықәынхоит 40-ҭӡы. 30 шықәса иреиҳаны ҳқыҭаҿы амҩа апроблема зҵаара хаданы иқәгылан. Аха иахьа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, араион ахада Алхас Ҷыҭанаа ирыбзоураны акыраамҭа ҳаззыԥшыз аусурақәа хацыркхеит. Ҳара агәыӷра ҳамоуп ари амшын аԥшаҳәа иазааигәоу ақыҭа ахәҭа аҿиара ишалаго, иара убри ала араион аекономика аҩаӡара ашьҭыхра шалыршахо» , — ҳәа иҳәеит иара.
Ақыҭа анхаҩы Виачеслав Смыр атәыла анаԥхгара ақыҭауаа ирырҭаз ажәа ахьынарыгӡаз азы иҭабуп иҳәеит.
«Ақыҭауаа зегьы рыхьӡала иҭабуп ҳәа сҳәоит ари хра злоу аус ду азы. Ешыратәи амҩа лассы-лассы ахархәара амоуп ареспубликатә мҩаду хадаҟны џьара машәырк аныҟалалак», — ҳәа иазгәеиҭеит ари ақыҭаҿы инхо Саид Ҭарба.
Алада Ешыра амҩаду аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит хԥа-ԥшьба мшы рышьҭахь, абри атәы аанацҳауеит Аҟәа араион Ахадара.