АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ԥхынгәы.2024

Ашәа аԥҵаҩцәа-анагӡаҩцәа XI Жәларбжьаратәи рфестиваль «Ашәа узысҳәоит, Аԥсны!» Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынгәыза 10, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы  ашәа аԥҵаҩцәа-анагӡаҩцәа (абардқәа) XI Жәларбжьаратәи рфестиваль «Ашәа узысҳәоит, Аԥсынтәыла!» мҩаԥысраны иҟоуп.

Афестиваль 2010 шықәса раахыс имҩаԥысуеит. Уи автортә ашәа – ахаԥшьгаратә сахьаркыратә рҿиара ажанрқәа иреиуоу апопулиаризациа  хықәы хадас иамоуп. Уи хыдҵас иқәнаргылоит амилаҭтә сахьаркыратә традициақәа реиқәырхара, рырҿиара, ашьҭрамадара, иуникалу абардтә ашәа аҭынха апопулиаризациа.

Афестиваль алахәылацәа алшара роуеит доусы реихьӡарақәа ахәаԥшцәа дырбара, арҿиаратә лшарақәа реидкылара, уи, жәаҳәарада, еиуеиԥшым ажәларқәа реизааигәахара, реилибааара алнаршоит. Афестиваль аҟыбаҩ злоу ауаа ҿыцқәа ралкаара, ахаԥшьгара злоу авторцәа-анагӡаҩцәа адгылара рыҭара, зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку аԥҵамҭақәа раарԥшра иазырхоуп.  

Убри анаҩс автортә ашәа хыԥхьаӡара рацәала азыӡырҩцәа аднаԥхьалоит, убри аҟнытә афестиваль – Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи рыԥсшьараамҭа ахгаразы зеиӷьаҟам усмҩаԥгатәны иҟоуп.

Афестиваль алахәылацәа доусы рхала иаԥырҵаз ҩба-хԥа шәа  нарыгӡоит, иалшоит иара убас ипопулиару абардтә ашәақәагьы рынагӡара.  

Афестиваль Аҟәа ақалақь ԥхынгәымза 10, 2024 шықәса рзы абри аҭыӡҭыԥ: Аҟәа ақалақь, Пушкин имҩа, аҩ.№ 7 (аҩналарҭа Лакоба имҩала) ала иҟоу И.Е. Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ареспубликатә Центр Арҿиаратә зал аҿы имҩаԥгахоит.  Аконцерт алагара аамҭа: асааҭ 19:00 рзы.


Read 177 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.