«Ҳара гәадурала иаҳҳәар ҳалшоит ҳақалақь ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа аҭоурых ду змоу қалақьуп ҳәа. Ҳақалақь аҿы иҟоуп даараӡа ирацәаны аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рахь иаҵанакуа аобиектқәа, урҭ зеиӷьаҟам ала иаадырԥшуеит ҳкультура, ҳаԥшӡара, ҳаразра, насгьы зегьы ирыцку – ҳмилаҭрацәареи ҳконфесионалрацәареи», – ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Ешба.
Аныҳәатә концет амҩаԥгаҩцәа Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи иааз ҳаҭыр зқәу асасцәабзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит.
Аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи рҿаԥхьа иқәгылеит аԥсуа естрада артистцәа, агәыԥ «Аԥсны фолк», ахореографиатә ансамбльқәа «Иаирума», «Кавказ», аинструменталтә ансамбль «Адаул». Аконцертә программа иалагалан аҵыхәтәантәи аамҭазы иаԥҵаз Аҟәа иазку ашәақәа. Алиас Абыхәбеи Ныгәзар Какалиеи аԥсуа шәақәа рпопурри нарыгӡеит.
Аконцерт аҿы Нарсоу Абыхәба, Мадина Кәарацхьелиа, Дмитри Ԥиԥиа инарыгӡаз ашәа «Сара с-Аҟәа» аԥхьарҳара мҩаԥысит. Аҟәа иазку даҽа шәак ала ахәаԥшцәа иргәырӷьеит Аҳәынҭқарратә Аурыс драматә театр актиор Рубен Депелиан.
Авокалтә номерқәа нарыгӡеит иара убас Ильда Кәычбериа, Хатуна Ҭарба, Сати Какәыбаа, Фрида Берзениа, Асида Шьакаиа.
Аконцертә номерқәа рыбжьара 2508 шықәса зхыҵыз Аҟәа ақалақь аҭоурых аиҭаҳәарақәа мҩаԥысуан.
Аҟәаа рзы ҳамҭаны иҟалеит урыстәылатәи агәыԥ «Блестящие» рықәгылара.
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа Аҟәа ақалақь ҳаҭыр зқу атәылауаҩ иршаҳаҭга ианеишьеит Ф.А.Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Аурыс драматә театр адиректор Иракли Хьынҭәба.
«Шықәсырацәа инеиԥынкыланы ламысцқьала имаҵуратә уалԥшьа анагӡареи иҳараку аҭакԥхықәреи азанааҭдырреи раарԥшреи ауаажәларратә зинеиҿкаареи ашәарҭадареи рышьақәыргылара аҿы илагала дууи рзы Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҳагәышь Аҟәа ақалақь ахада иҟынтәи аџьшьаратә шәҟәы ианашьахеит.
Русураҿы иаадырԥшыз аихьӡара дуқәа рзы иара убас Аҟәа ақалақь ахада иҟынтәи аџьшьаратә шәҟәқәа ранашьахеит ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа анапхгаҩы Руслан Аҩӡба, акультура Аусбарҭа анапхгаҩы Наала Ҳашыг, акультура Аусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Кәакәасқьыр, аҵара Аусбарҭа анапхгаҩы Асҭанда Ҭаркьыл, «Ақалақьргыларапроект» анапхгаҩы Асҭамыр Ԥиԥиа.
Аконцерт ахыркәшамҭаз Аҟәатәи ажәҩан арлашеит аныҳәатә салиут.