АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Ԥхынгәы.2024

Ԥхынгәымза 15 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иаатуеит XXII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит».

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. XXII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит» ԥхынгәы 15 инаркны нанҳәа 20 рҟынӡа имҩаԥысраны иҟоуп.

Афестиваль ҳаҭыр зқәу асас иаҳасабала дааԥхьахоит Маритәи атеатр адиректор, Атеатр ду адиректор хада, адирижиор, Урыстәыла Жәлар рартист Валери Гергиев. Ԥхынгәы 15 рзы Аҟәа, Атеатр ашҭаҿы Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны имҩаԥгахо актәи аконцерт аҿы иқәгылоит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи, атеатр асимфониатә оркестри, асолистцәеи.

Аҽа ф-концертки аҟазаратә-классқәеи Урыстәыла ақалақьқәа рыҟны имҩаԥысуеит, ҩба – Китаи.

Ԥхынгәымза 20 рзы афестиваль амҩаԥгара ацҵахоит X ашәышықәса иаҵанакуа Ажәытәӡатәи Пицундатәи ауахәама аҿы. Араҟа иқәгылоит аҟыбаҩ злоу Хьыбла Герзмаа лҵаҩцәа, П. И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә Консерваториа  астудентцәаеи аушьҭымҭацәеи Вероника Хорошева, Вероника Андреиченко, Мариа Лупариова, Валентина Химич, Лада Меркулиева, иара убас ахкытә шәаҳәара акафедра адоцент Хьыбла Герзмаа лхаҭагьы. Афортепиано апартиа налыгӡоит аконсерваториа адоцент Екатерина Ганелина — акыр шықәса инеиԥыныланы Хьыбла Герзмма лконцертмеистрс иҟоу.

Нанҳәамза 16 рзы Аҟәа ақалақь,  С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр асцена аҿы иқәгылоит Хьыбла Герзмааи апианинорҳәаҩы Олег Аккуратови. Урҭ ахәаԥшцәа ирыдыргалоит 1940–70-тәи ашықәсқәа рзы иаԥҵаз ашәақәа рыла ишьақәгылоу автортә концерттә прогамма «Џьара ихараны, сгәалашәара аҿы…» («Где-то далеко, в памяти моей…»). Ари апрограмма уи аԥхьа лаҵаразазы Москва ақалақь аҿы адгалара мҩаԥган, қәҿиара дулагьы имҩаԥысит. Иара убас Хьыбла Герзмааи Олег Аккуратови алеиб «Мелодия» аҿы еицҭарыҩит еихьӡылоу аванилтә пластинка.  

Нанҳәамза 18 рзы X ашәышықәса иаҵанакуа архитектуратә баҟа Бедиатәи аныхабаа амҵан ахортә музыка аконцерт мҩаԥгахоит.  Хьыбла Герзмаа Урыстәылатәи Афедерациа жәлар рартист Лев Канторович инапхгарала Академиатә хор ду «Ахортә шәаҳәара азҟазацәа» («Мастера хорового пения»» лыцны дықәгылоит. Аҳ Баграҭ III ахәҟьаҟьа аҿы иргылаз Ажәытә ныхабаа – Аԥсны зегь реиҳа убла хызкуа аҭыԥқәа иреиуоуп. Араантәи унапсыргәыҵ ианушәа амшын уахыԥшылоит. Уашьҭахьҟа Кавказтәи ашьхаеибаркыра Хада улаԥш аахоит. Нанҳәамзатәи ахҭысқәа рсериа хыркәшахоит аџьазтә концерт ала – нанҳәамза 20 рзы  Хьыбла Герзмаа асаксофонист Игорь Бутмани Сергеи Макеев напхгара зиҭо  аџьаз-бенди Аҟәа ақалақь Атеатралтә плошьад аҿы иаарту асценаҿы дрыцықәгылоит. Амузыкантцәа ипопулиару аџьазтә стандартқәеи аклассикатә рҿиамҭақәеи нарыгӡоит. Анаҩс афестиваль ахҭысқәа Урыстәылаҟа ииасуеит. Аконцертқәеи аҟаза-классқәеи мҩаԥгахоит Москва, Санкт-Петербург, Самара, иара убас Мрагылара Наскьа ақалақьқәа рҿы: Владивосток, Благовешьенск, Хабаровск.

Хьыбла Герзмаа, Ильдар Абдразаков, Зинаида Царенко, Сергеи Скороходов, Виачеслав Василиев, Екатерина Савинкова, уҳәа егьырҭ адунеизегьтәи аопера аеҵәахәқәа ԥхынгәымзазы Аҟәа ақалақь аҿы асценаҿы иқәгылоит.

Аконцерт мҩаԥгахоит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа иаарту аплошьадка аҿы.  Аконцерт мҩаԥигоит актиор, амҩаԥгаҩ Иулиан Макаров. Афестиваль мҩаԥысуеит акультуратә аԥшьгарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада ифонд адгыларала. Ахәаԥшцәа рзы аконцерт аҭаара хәыда-ԥсадоуп. Ааԥхьаратә билеҭқәа рыларҵәара мҩаԥнагоит Аԥсны акультура Аминистрра.

 


Read 60 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.