АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ԥхынгәы.2024

«Амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа – ари амилаҭтә шәарҭадара азҵаара ауп»: Жәлар Реизара-Апарламнт аҿы атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак аилатәара мҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак аилатәара мҩаԥысит Жәлар Реизара-Апарламнт аҿы.

Аилак аусура рхы аладырхәит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуеи.

Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩуп ҳәа иазгәеиҭеит. Иара убасҵәҟьа Жәлар Реизара-Апарламенти аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәеи русеицура ахылаԥшра азҭо аусуратә гәыԥ еиҿкаахоит ҳәа иҳәеит.

«Шәара ижәдыруеит иҳаҩсыз ашықәс азы ҳара арыжәтә џьбара ыжәны амашьына аԥсҟы акра азы ахьырхәратә уснагӡатәқәа шҳарӷәӷәаз, уи, аиашазы алҵшәақәак аанарԥшит. Аха Аԥснытәи амҩақәа рҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа рыԥхьырҟәҟәара, аиҳарак аԥхынтәи аамҭахәҭа азы, ҳара иҳалымшаӡеит. Ари зегьы ирзеиԥшу проблемоуп, уи хымԥада аҿагылара аҭахуп. Ҳара аҿар анышә иаҳҭоит. Ҳара Апарламент аганахьала иааиԥмырҟьаӡакәа аусеицура ҳазхиоуп. Иаҭахханы иҟалозар, ахьырхәратә ԥҟарақәа еиҳагьы рырӷәӷәара, амҩадуқәа рҿы авидеокамерақәа рышьақәыргыларазы абиуџьет аизырҳара азы аӡбамҭақәа рыдкылара ҳазхиоуп. Иахьа даараӡа иуадаҩу аҭагылазашьа шьақәгыланы иҟоуп. Ҳара излауа ала зегьы ҟаҳҵароуп амҩақәа рҿы аԥстәбара зцу амашәыртә хҭысқәа рырмаҷразы», - ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.  

Аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа, иахьатәи аилатәара атәыла  амҩадуқәа рҿы акыр ишәарҭоу аҭагылазаашьа ахьышьақәгылаз, насгьы иацы иҟалаз, знык ала хҩык рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз атрагедиа  иадҳәалоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс мзыс хадас иҟоу ижәны амашьына аԥсҟы акра ауп ҳәа иҳәеит. Уи ирҵабыргит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киутгьы.

«Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аҭагылазаашьа аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭа алагара иадҳәалоуп. Ҳара иаабоит амҩа-транспорттә машәырқәа еиҳа ишырацәахаз. Аԥстәбара зцу амашәыртә хҭысқәа зегьы урзааҭгылозар, иумбар залшаӡом, уи иалахәыз реиҳараҩык ижәны амашьына аԥсҟы зкыз ауаа шраку. Убри ҳасаб азуны, адепутатцәа рахь ааԥхьара ҟасҵар сҭахын. Ҳара иахьа абри атемала аилатәара мҩаԥаагеит Аҳәынқарратә автоинспекциа аҿы.  Иахьа иҟоу ахьырхәратә уснагӡатәқәа ӷәӷәоуп, аха урҭ азхаӡом. Ауаа усгьы ижәны амашьына аԥсҟы ркуеит», - ҳәа иҳәеит аминистр.  

Иара иазгәеиҭеит иахьа аԥҟарақәа еилазго зегьы рыхьӡқәа зегьы ирбо ираҳауа ауаа рырдырра алыршатәуп ҳәа.

«Ҳара иаҳҭахуп ас еиԥш иҟоу ауаа рыхдырра анырра азҭаша амилаҭтә минталитетгьы егьырҭ афакторқәагьы ҳасаб азура. Иара убас иазгәаҭатәуп амаршруттә такси арныҟәцаҩцәа злаху амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәагьы шырацәахаз. Урҭ ахашәалаху аиуразы уахи-ҽни инеиԥыныланы ианмыцәогьы ыҟоуп. Убри аҟнытә нас рааԥсара рыхьӡаны амашәыртә хҭысқәагьы ирықәшәоит.  Урҭ имыцәарц азы џьара маҭәашьарқәакгьы рхы иадырхәозаргьы ҟалоит. Урҭ ирыдыркыло амаҭәашьарқәа зегьы ралкааразы алшара ҳамаӡам ҳара макьана. Иааидкыланы хыхь иарбоу афакторқәа иахьа иаабо аҭагылазаашьа ахь ҳкылнагеит.  Иацы атрагедиа ду ҟалеит, изыхҟьазгьы еилкаахеит –амашьырныҟәцаҩ  ижәны амашьына аԥсҟы икын. Ҳара ахьырхәратә уснагӡатәқәа еиҳагьы иҳарџьбароуп, аамҭала амашьынақәа рымхра еиҿкаатәуп, избан акәзар, иахьа машьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа рымаҳхыр алшоит, уаҵәы аԥҟара еилазгаз еиҭа усгьы амашьына аԥсҟы кны амҩа данылоит. Лассы-лассы аԥҟарақәа еилазго рганахьала ҳара аԥҟарақәа ҳарӷәӷәар алшоит. Иҟалап уи џьара акала аҭагылазаашьа арҽеира алнаршаргьы», - ҳәа иҳәеит Роберт Киут.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа ахьырхәратә уснагӡатәқәа рырӷәӷәара мацара алацәажәара маҷк ииашам ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иҳаҩсыз ашықәс азы ижәны амашьына аԥсҟы акра азы асанкциақәа ҳарӷәӷәеит. Аиашазы, ахараԥса 30 нызықь мааҭ аршәареи амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭга амхреи алагалан. Раԥхьа уи аеффект аиуит… Аха нас, ԥыҭрак ашьҭахь арҭ асанкциақәа аеффективра рцәыӡит.   Ахьырхәратә уснагӡатәқәа рырӷәӷәара мацара алацәажәара маҷк иашаӡам ҳәа сгәы иаанагоит, избан акәзар, ауааԥсыра ахдыррра рмоур, иҟоуҵар ҟало, иҟоумҵаша, амашьына аԥсҟы акра  шыҟало, уҳәа азы аилкаарагьы ҟалаӡом, егьа ахьырхәра ҳарӷәӷәаргьы, алҵшәа ҟалаӡом», - ҳәа иҳәеит иара.

Аминистр иҟаиҵаз адыррақәа рыла, уажәы ареспубликатә трасса аҿы аус руеит 17 цыра  авидеокамерақәа, даҽа 50 видеокамера ашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны.  

«Ишьақәыргылахо авидеокамера  ҿыцқәа еиужьу ацәаҳәа адыргақәа рхысра, иара убас иԥгалоу ацәаҳәа ахь аиасра  рнылоит. Иара убас аԥсҟы кны аҭел ала ицәажәо, мамзаргьы ашәарҭадара амаҟақәа змам ауаа аанарԥшлоит», - ҳәа иҳәеит Беслан Ҷкадуа.

Уи иажәақәа рыла, уажәы иарбоу аилагарақәа «напышьашәала» иаадырԥшуеит. Аха аучасткақәа зегьы рахьыгӡара азы аинспекторцәа азхаӡом.

Иара убас Беслан Ҷкадуа имаӡоу аԥыԥшра — ари аԥыԥшырҭақәа рыбжьара имҩаԥысуа аилкаара алзыршо уснагӡоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара ари Автоҳәынҭинспекциа иатәу амашьына шаку еилыркаартә еиԥш иҷыдоу алкааратә хархәагақәа змоу апатрульқәа аусура иалаҳаргаргьы ҟалоит. Аха аԥхынтәи аамҭахәҭа азы ҳара уи азхара ауаа ҳамаӡам. Раионцыԥхьаӡа 30-40% аҟынӡа аусзуҩцәа разымхара ыҟоуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Иара убас, Роберт Киут,  есыҽны апрофилактикатә реидтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи адепутатцәа ирыдигалеит рхала Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа ареидқәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рахь  ирыццаны амҩақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа рыблала ирбарц.  

Адепутат Инар Гыцба ари шьҭа амилаҭтә шәарҭадара азҵаара ауп, зыԥшра ҟамҵакәа иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы рымҩаԥгара хымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит. Адепутат Беслан Ҳалуашь амҩатә ԥҟарақәа еилазго рхьырхәра еиҳагьы арӷәӷәара, амазара амхреи рыԥсы ҭанаҵы аматериалтә ҭакԥхықәра рақәыршәареи азы ажәалагала ҟаиҵеит.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Апарламент ахь ааԥхьара  ҟаиҵеит ижәны амашьына аԥсҟы зку рҿагылараҿы ацхыраара азы.

«Ҳара ари апроблема аӡбара хырҩа аҭара азин ҳамаӡам. Апроблема ӷәӷәоуп, уи аӡбара зыԥшра ҟамҵакәа иалыршатәуп. Избан акәзар арҭ апроблемақәа нҵәашьа роуӡом ҳара  ӷәӷәала ауснагӡатәқәа мҩаԥаҳамгар. Ииашоуп, иҟоуп аҭагылазаашьақәа ҷыдала азнеишьа зҭаху, аха амҩатә ԥҟарақәа еилазго амашьынарныҟәцаҩцәа рхьырхәратә уснагӡатәқәа хымԥада ирӷәӷәатәуп», - ҳәа иҳәеит Роберт Киут.

Аилак аилатәара хыркәшо, Ҭемыр Шергелиа апроблема аӡбашьа еилкаатәуп ҳәа иазгәеиҭеит. «Ҳара еилаҳкаауеит ахархәагақәа, атехника, иара аус зуа ауаагьы разымхара шыҟоу, аха убри аан адепутатцәа роума, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа роума рҭакԥхықәра аӡәгьы ирхихӡом.

Ҳара иарбоу аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы иҟаҵатәу шьақәыргыланы хымԥада инаҳагӡароуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Аилак аилатәара ашьҭахь Апарламент адепутатцәа Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи рахь ааԥхьара ҟарҵеит.

«Ареспублика Аԥсны атәылауаа, аиҳарак аҿар рҭахара зыхҟьо Аԥсны амҩадуқәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ инамаданы, Аԥсны Жәлар Реизара-Апаламент  азинхьчаратә усбарҭақәа амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара ашьақәыргылара апринцип хадақәа ирықәныҟәаларц, автотранспорттә хархәагақәа рныҟәара иахәҭоу ахылаԥшра аҭареи амҩаҿы аныҟәара Аԥҟарақәа еилазгаз рхьырхәра ахымԥадатәреи, иара убас автомҩақәа рҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы иҿыцу атехнологиақәа реиқәыршәареи ралагалареи, ахәҭакахьала, Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа зехьынџьара авидеркамерақәа рышьақәыргылара  азы ааԥхьара ҟарҵоит.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент даараӡа агәҭынчымра аанарԥшуеит лассы-лассы иҟало иалагаз аԥстәбара зцу амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа инарымаданы. Апарламент адепутатцәа Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи рахь автотранспорттә хархәагақәа рныҟәцара ҭакԥхықәрала иазнеиларц, ахәҭакахьала амҩаҿы аныҟәара Аԥҟарақәа реилагара алдмыршарц, амашьынарныҟәцаҩцәа амашьына арныҟәцара акультуреи аҳаҭыреиқәҵареи аадырԥшларц азы ааԥхьара ҟарҵоит.

Апарламент иара убас аиҳабацәа рабиԥара иаҵанакуа рахьгьы доусы рҭаацәақәа рҿы алабжьаратә цәажәарақәа рымҩаԥгареи иара убас атрагедиатә хҟьаԥҟьақәа рыԥхьырҟәҟәара иазкны егьырҭ аҭаԥхықәра зцу ауснагӡатәқәа рынагӡареи рзы аҳәара ҟанаҵоит. Апарламент Ареспублика Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи агәҽанызаара аадырԥшларц, амҩаҿы аныҟәара Аԥҟарақәа еиларымгаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит», - ҳәа иаҳәоит ааԥхьара атекст аҿы.   

Иара убас, Апарламент изаамҭанытәиим аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны «Амҩаҿы  аныҟәара ашәарҭадара аиҿкаара иазырхоу Жәлар Реизара-Апарламенти аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәеи русеицура ахылаԥшра азҭо аусуратә гәыԥ аиҿкаара азы» Ақәҵара рыдыркылеит.

 

 

 

 

 

 

 


Read 135 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.