pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 96-шықәса дшырҭагылаз  иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ ду, абызшәаҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа.

Шьоҭа Арсҭаа Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа (1997 – 2013шш) актәи апрезидентс иҟаз, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа ахьтәы медал занашьоу раԥхьатәи аҵарауаҩны  дыҟан.

Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа аԥснытәи абызшәадырҩы, аԥсуа бызшәа аграмматика аспециалист, афилологиатә наукақәа рдоктор  (1987ш.), апрофессор (1989ш.), Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа иҵабыргу алахәыла, Аԥсны Анауақәа Ракадемиа апрезидент  (1997ш.). Қырҭтәылатәи Асрветтә Социалтә Республика иреиҳаӡоу ашкол  Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ диит Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан, 1929 шықәсазы, март 10 аҽны. Иҵарадырратә мҩа ахы акуеит Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны. 1955 шықәсазы Афилологиатә факультет кавказтәи абызшәақәа рыҟәша даналга ашьҭахь, иҵара иациҵоит Қырҭтәылатәи ССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуаз абызшәадырра Аинститут аспирантураҿы. Акандидаттә диссертациа ихьчеит 1961 шықәсазы. 1958 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа аус азиуан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт.

Аҟәа. Хәажәкырамза  25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҳамҭас ириҭаз зқьы шьапы акипарис ҵлақәа   Тамшь ақыҭан ареспубликатә трасса иаваршәны еиҭаҳахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Очамчыра.информ».  

Аҵиаақәа реиҭаҳара апроцесс хәыда-ԥсада анапхгара алҭоит аландшафтә дизаинер Светлана Карчуганова.  Аусурақәа зегьы Очамчыра араион Ахадара Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Ицқьоу ақалақь» ала имҩаԥысуеит.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан аҳазалхратә ҭыԥ «ԤСОУ» аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа автомашьына  «Toyota Alphard» агәаҭара мҩаԥыргеит. Уи аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ  Кәарҷиа А. Иу. Амашьына аҩныҵҟа ирыԥшааит акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа хәба, иара убас урҭ рыԥсахга хәҭақәа: афымцаԥшандагақәа ҩба, аԥсаҟьа, акабельқәа хԥа.

Аппаратқәа ҩба, иара убас урҭ рыԥсахга хәҭақәа амашьына асалон ахҟьа иҭаҵәахын, х-аппаратк амашьына аҵаҟа ишьақәыргылоу аԥсахга гьежь  аҭыԥ аҿы иҵәахын.

Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Ганрацәалатәи автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы Аԥсны атәылауаа рыла амашьыналасқәа аамҭалатәи ралагалара аҭагылазаашьақәа рынагӡара ахылаԥшра арӷәӷәоит, ҳәа ауааԥсыра адырра рынаҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу апрограммақәеи апроектқәеи Русбарҭа анапхгаҩы Антон Мельников напхгара зиҭо Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра ахаҭарнакцәа ргәыԥ Аԥсны иаҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра аофициалтә саит.

Урыстәылатәи аделегациа шьаҭанкылатәи аргыларақәа ахьымҩаԥысуа аобиектқәа ирҭааны аусурақәа рымҩаԥысшьа гәарҭеит, 2024 шықәсазы урыстәылатәи абиуџьет аҟынтәи зфинансыркра мҩаԥысуа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара  аусхкы аҿы аԥсны-урыстәылатәи апрограммақәа рынагӡара азхиара ахәшьара арҭеит.

Ашықәс алагамҭазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара апрограммақәа рынагӡара азы аплан шьақәырӷәӷәан, конкретла апланқәеи урҭ рынагӡара амеханизмқәеи афинансыркра ахыҵхырҭақәеи шьақәыргылан.

«Хымԥада иазгәаҭатәуп, 2024 шықәсазы абиуџьеттә хыҵхырҭақәа рнаҩс, урҭ рымҽхак иаҟараны ареспублика аҿиара иалахуп аинвестициатә капитал», - ҳәа иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач. – Аҩганктәи аусеицуа иабзоураны аганқәа Аԥсны аҳаиреимадара аиҭашьақәыргылара азы аинвестициатә проект анагӡара иалагеит.  Апроект ахь иалагалахо аинвестициақәа рхышәа-ҵышәа 12 млрд. мааҭ иеиҳахеит. Сынтәа зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҿы Урыстәылантәи раԥхьатәи аԥышәатә реис ҳазыԥшуп.   

Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион, Хыԥсҭа ақыҭа азааигәара иҟалаз амҩа-транспорттә машәыр   иахҟьаны хаҵак дҭахеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Автоҳәынҭинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ҭаниа.

«Автотрасса «Ԥсоу – Егры» 59-тәи акилометр аҿы, Гәдоуҭа араион Хыԥсҭа ақыҭа иацәыхарамкәа автомашьына «Таиота» ареспубликатә трасса  ианыҵны амҩа аҿықә игылаз аҵла иаахеит.  Амҩа-транспорттә машәыр ҟалеит 10 сааҭки 30 минуҭи инарзынаԥшуа.  Амашьына аԥсҟы зкыз ахаҵа иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Асҭамыр Ҭаниа.

Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москва амҵан, Красногорс ақалақь аҿы иҟоу аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» аҿы хәажәкырамза 22 рзы иҟалаз атеракт азы ахара зду ԥшьҩык ырбаандаҩуп лаҵарамза 22-нӡа, ҳәа адырра ҟаҵоуп Москва ақалақь азеиԥш иурисдикциа  аӡбарҭақәа р-Telegram-канал аҿы.   

Аӡбаратә еилатәарақәа мҩаԥысуан Москва ақалақь Басманнтәи аӡбарҭа аҿы.  Иаанкылаз рыԥшьҩыкгьы аӡбарҭа аҿы иҟан Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 205, ахәҭа  3, ап. «б» («Атеррористтә акт») иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура азы ахара зду раҳасабала.  Урҭ ақәнага рақәыршәара аҳасабала ԥсраҽнынӡа аҭакрала ахгара рзалхзар алшоит.

«Известия» акорреспондент иҟаиҵаз адыррақәа рыла, актәи ахара зду Далерџьон Мирзоев 32 - шықәса ихыҵуеит, уи дҭаацәаоуп, ԥшьҩык зықәра маҷу ахәыҷқәа драбуп. Иҟоу адыррақәа рыла, иара хымз аҽҳәара иманы Новасибирск ақалақь аҿы аамҭала ашәҟәы дҭагалан, аха уи аҽҳәара ииасхьеит. Иара иду ахара дақәшаҳаҭхеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпрес. Имҩаԥысит Аԥсны аҭҵаарадырақәа Ракадемиа 2023 шықәсазтәи аусура аихшьаалатә еизара. Аизара аартуа ААР апрезидент, академик Зураб Џьапуа дырзааҭгылеит иарбоу аҿҳәаразтәи академиа аусура.

Ажәахәқәа рыҟаҵара иалагаанӡа, уи иалатәаз зегьы минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит, иаҳхысыз ашықәс азы здунеи зыԥсахыз аԥсуаҭҵааҩцәа: Руслан Барцыц, Алеқсеи Чачаков, Иуана Шамба, Имархети Калаџьиан – Еремиан.

«Адунеи зегь ианыруа, аԥсуаа рыҷкәынцәагьы злахәу Донбастәи аибашьра адунеиеибаркыра ахаҭа аԥсахыр алшоит. Ус шакәугьы Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин иҳәеит: анаука аҳәынҭқарраҿы ихадоу аҭыԥ шаиуа, уи ада аҿиара шыҟамло. Убри инаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар аԥсуа академикцәа, аҵарауаа иҵегьы азхьаԥшра рымазар ахәҭоуп.

Академиа апрезидиум аҿы аиҿкаара ҳаҿуп академиа аексперттә комиссиа ду, аҳәынҭқарра ахырхарҭақәа, аспектқәа зегь абызшәа аҿиара, адемографиа, ақыҭанхамҩа, аҵара, акультура, атуризм зегьы рҿы адырра ҿыцқәа шьаҭас иҟалароуп, урҭ зырҿио анаука ада акгьы ыҟаӡам. Анаука ҿиарцазы иҭышәынтә́алоу аҭагылазаашьа ыҟазароуп».

 Хымԥада иаԥҵатәны иҟоуп академиазы азакәан. Академиа астатус, ароль, азинқәа, насгьы анаука афинансқәа разшәашьа аформа ҿыцқәа рыԥшаара. Иахьазы академиа асистемаҿы аус руеит ахырхарҭақәа хԥа. Урҭ зегьы ҳҳәынҭқарразы иактуалтәу азҵаарақәа ирызкуп.

Аԥсны Ахадара гәыкала, еилкаарала академиа иазыҟоуп, аҽа зҵаароуп амилаҭтә лшарақәа. Уи зырҵабыргуа хҭысуп уажәааигәа Аԥсны Ахада иҿы аҵарауаа ҿарацәа рхеилак аԥҵара. Насгьы анаука адгыларазы афонд аиҿкаара ахацыркра», ҳәа азгәеиҭеит Зураб Џьапуа.Иажәахә ахыркәшамҭаз Академиа иҭнажьыз ахьтәы медал ианаишьеит сынтәа 95 шықәса зхыҵыз, раԥхьатәи Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа.

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 2023 шықәсазтәи арусура, аихшьаалақәа ҟаҵо Зураб Џьапуа аҳаҭыртә шәҟәқәеи апремиақәеи ранаишьеит еиҳа аихьӡарақәа аазырԥшыз аҵарауаа: Виачеслав Чирикба (12 статиа икьыԥхьит, урысшәала, англыз бызшәала). Аслан Аҩӡба ашәҟәқәа реиқәыршәареи, аредакторра рзуреи рзы, Инварби Екба – иикьыԥхьыз астатиақәа рзы, Аиба Лиосик ашәҟәқәа рҭыжьразы. Аспирантцәа ҿарацәа Давид Арӡынба, Валери Аџьынџьал, Радион Аҩӡба, Алиса Матуа, Алеқсандр Гәлиа, Маиа Цибулевскаиа, Алиса Аҳәба уҳәа аӡәырҩы рџьабаақәа алкаан иазгәаҭан. Адипломқәа ранашьан Ирма Аиба, Давид Аӡынба, адиссертациа зыхьчаз.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеррористтә акт инамаданы атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаҵо дықәгылеит.

--- Ҳаҭыр зқәу Урыстәыла атәылауаа!

Шәара шәахь ааԥхьара ҟасҵоит жәаҩыла акагьы зхарамыз аҭынч уааԥсыра – ҳара ҳџьынџьуаа, зықәра наӡам аҿари ахәыҷқәеи аҳәсеи уахь иналаҵаны рҭахара зыхҟьаз, ишьаарҵәыраз атеррористтә акт инамаданы. Ааха зауз, зҭагылазаашьа уашәшәыроу зегьы  рыԥсҭазаара аиқәырхара азы уажәы аҳақьымцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит. Агәра згоит, урҭ ирылшогьы ирылымшогьы зегьы шыҟарҵо ахәрақәа зауз реиқәырхара азы. Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ирласу амедицинатә цхыраареи асанитартә авиациеи рекипажқәеи иҷыдоу аҟәшеиҵақәа рыруааи амцарцәаҩцәеи аԥсеиқәырхаҩцәеи. Урҭ ирылшоз зегьы ҟарҵеит ауаа рыԥсқәа аиқәырхаразы, амца ралгаразы.  

Атрагедиа аныҟала раԥхьатәи аминуҭқәа инадыркны аҳақьымцәеи иҷыдоу амаҵзурақәа русзуҩцәеи ирывагыланы хацәнымырха арыцҳара иақәшәаз ацхыраара рызҭоз, ахәышәтәырҭақәа рахь иназгоз ауаа ртәы сымҳәар алшом.

Зыҩнаҭақәа рҿы агәырҩа неиз аҭаацәа, еиуеиԥшым ахәрақәа зауз иахәҭоу ацхыраара раҳҭоит. Зыуацәеи зҭынхацәеи зыԥхаз зегьы срыдышшылоит. Шәара шәгәырҩа шәыцеиҩыршоит Урыстәыла атәылауаа зегьы. Хәажәкырамза 24 азеиԥшмилаҭтә лахьеиқәҵаратә мшны ирыласҳәоит.

Москва ақалақьи Москватәи аобласти, атәыла арегионқәа зегьы рҿы атеррористҿагыларатәи адиверсиақәа рыԥхьырҟәҟәааратәи аҟазшьа змоу иназыцҵоу ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит.   Уажәы зегьы ирыцку – ари ашьаарҵәыратә акт аԥшьызгази иназыгӡази уаҳа ацәгьоура ҟарымҵарц азы раанкылара.

Ари ацәгьоура аилыргареи аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рылҵшәақәеи ртәы акәзар, уажәазы иҟоу абри ауп.  Атеракт назыгӡоз рыԥшьҩык ԥшааны иаанкылоуп. Урҭ аҽӡара рҽазышәо  Украина аганахьала амҩа иқәын. Уаҟа, иҟоу адыррақәа рыла, урҭ рзы Украина аганахьала аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы амҩа рзырхиан. Зынӡа иаанкылоуп 11-ҩык. Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура, егьырҭ азинхьчаратә усбарҭақәа атеррористцәа разыҟаҵаратә база зегьы: урҭ атранспорт ала еиқәзыршәоз, ацәгьоура ахьыруаз аҭыԥ аҟынтәи излацашаз амҩа дзырбоз, рабџьари рџьаԥҳани аҭаҵәахқәа еиқәзыршәоз, уҳәа ацәгьоура аиҿкаара напхгара азҭоз зегьы  рааԥшреи раанкылареи рганахьала аус руеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.