pressadmin-2
Пауерлифтинг азы Аԥсны Ачемпионат аихшьаалақәа ҟаҵоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Пауерлифтинг азы Аԥсны Ачемпионат аихшьаалақәа ҟаҵоуп. Хәажәкырамза 31 рзы имҩаԥысуаз аицлабрақәа ирылахәын 21-ҩык аспортсменцәа, урҭ рахьынтә 4-ҩык аҭыԥҳацәа.
Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы иҟарҵо адыррақәа рыла, адисциплина «хыхкеицлабра» аҿы ахацәа рыбжьара Вилкс акоефицент ҳасаб азурала ( аспортсмен икапани ишьҭихыз акапани реишьашәалара – АП. аред. азгәаҭа) актәи аҭыԥ ааникылеит Рамзан Делианиди (зыкапантә категориа 67 рҟынӡа иҟоу рыбжьара, ишьҭихыз акапан 310 кьыла иҟоуп), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Еслан Наҷҟьебиа (зыкапантә категориа 75 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара, ишьҭихыз акапан 330 кьыла иҟоуп), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит - Богдан Ериоменко (Урыстәыла, зыкапантә категориа 100 кьылак рҟынӡа инаӡо рыбжьара, ишьҭихыз акапан 365 кьыла иҟоуп).
Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу аҵәиԥрыга Кыцикыҭ ақыҭан авариатә тәара нанагӡеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу аҵәиԥрыга МИ-24 Гәылрыԥшь араион Кыцикыҭ ақыҭан авариатә тәара нанагӡеит. Уи ашьҭахь аԥырратә машьына амца акит.
Амашәыртә хҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь иаразнак инеит атәылахьчара Аминистрра, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа.
Атәылахьчара Аминистрра Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа ианаҭеит аҽазыҟаҵаратә арратә инвентар.
Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа ианаҭеит ааԥхьаранӡатәи аҽазыҟаҵарақәеи атәылауаҩратә хьчареи рзы аурокқәа рзы ахархәара зауа аҽазыҟаҵаратә арратә инвентар.
Аҵара Аусбарҭа аҿы атәылахьчара Аминистрра иҟанаҵаз адгылареи еиҵагыло аҿар рырра-патриоттә ааӡара аус аҿы имҩаԥнаго аусеицуреи рзы иҭабуп рҳәеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы ааԥынтәи рааԥхьара амҩаԥгара иалагеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Арратә ԥхықәреи арратә маҵзуреи рзы» 2014 шықәса лаҵарамза 06 аҟнытә Nº 3498-c-V Азакәани «Атәылахьчаразы» 2006 шықәса ажьырныҳәамза 04 аҟнытә Nº 1224-c-XIV Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәани хәажәкырамза 29, 2024 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада инапы зҵаиҩыз «2024 шықәса мшаԥымза-рашәарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы рааԥхьареи ааԥхьарала арратә маҵзура иахысуа арратә маҵзураҟнытә рхы рақәиҭтәразы Аусԥҟеи шьаҭас иаҭаны, ааԥынтәи арратә маҵзурахьы ааԥхьара иалагеит.
Арратә ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалахәхоит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, агәабзиарахьчара Аминистрра, аҵара Аминистрра.
Аҳазалхратә ҭыԥ Адлер аҿы аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урстәылаҟа зыиагара рҽазыршәаз тоннак рҟынӡа аконтрабадтә ҩы ааныркылеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхратә Ҭыԥ «Адлер» аусзуҩцәа Аԥснытәи иааз автомашьына аҿы ирбеит 800 ԥатлыка инарзынаԥшуа аконтрабадтә ҩы. Амашьына азы аоперативтә информациа Шәача ақалақь Краснодартәи атәылаҿацә ала Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аусбарҭа аҟынтәи ироухьан.
Автомашьына асалон агәаҭараан аҳазалхыҩцәа Аԥсны азауадҭыжьратә ишкәакәоу аҩи аҩеиқәаҵәеи рбеит. Иаанкылаз аалыҵ азеиԥш капан тоннак рҟынӡа инаӡоит, ахәԥса акәзар – 500 нызықь мааҭ иреиҳауп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны иахьаҵанакуа атуристцәа рыдкылара назыгӡо аобиектқәа реестрқәа зну имцырку асаит аарԥшуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм Аминистрра Аԥсныҟа иԥаршеиу апутиовкақәа рыҭира назыгӡо имцырку асаитқәа раарԥшра хықәыс иҟаҵаны есымша аинтернеттә ҵакыра амониторинг мҩаԥнагоит.
Убас, мышқәак раԥхьа иаарԥшхеит имцырку асаит - https://abkhazia-reestr-hotels.com/hotels.html
Аԥсны Аҳәынҭқарра атуризм Аминистрра ареспублика асасцәа рахь агәҽанызаара аадырԥшларц, ироуз адыррақәа (https://www.mintourism-ra.org/) аҟәша: «Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа атуристцәа рыдкылара назыгӡо аобиектқәа реестр» аҿы Аминистрра официалтә информациа иаҿдырԥшларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.
Џьгиарда ақыҭан ҩ-еихагылак змаз ахатәы ҩны блит.
Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсабаратә мзысқәа ирыхҟьаз абылра ҟалеит Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭан. Уи иахҟьаны ҩ-еихагылак змаз ахатәы ҩны блит. Амашәыр ҟалаанӡа мышқәак раԥхьа ақыҭа ааигәа-сигәа абнара иазааигәоу аҭыԥқәа рҿы аҵҩаа амца акит.
Амцарцәаҩцәа ражәақәа рыла, амца абнара аҟынтәи ахатәы нхарҭақәа рахь ииасит. Абылра шыҟалаз азы адырра Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә ҟәша ахь иҟалеит мшаԥымза 1, 13 сааҭи 15 минуҭи рзы. Амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь ианнеиз аамҭазы аҩны ахыб амца амҽханакхьан, уи ахәҭак еилабгахьан. Ахыбра зегьы амца акхьан. Амца арцәара иалахәын Очамчыра араион Аԥшаара-еиқәырхаратә ҟәша аусзуҩцәа, аха урҭ ирылшоз зегьы шыҟарҵазгьы, аҩны аиқәырхара залмыршаӡеит. Ари ахҭыс аҿы аӡәгьы ааха имоуӡеит.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иблыз ахыбра аҿы Амилаҭтә сахьатә галереиа аҟынтәи усумҭақәак рыԥшааит.
Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иблыз ахыбра аҿы аилыргаратә усурақәа рымҩаԥгараан, Амилаҭтә сахьатә галлереиа ахьыҟаз аҩбатәи аихагыла аҿы еиқәхаз усумҭақәак рыԥшааит.
«Иахьатәи амш ҳақәҿиеит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Уаанӡа ҳара иҳамԥыхьашәон Валентина Хәырхәмал лнапы иҵыҵыз акерамикатә вазақәа – мыцхәы идууцәам афигуркақәа, иара убас Виачеслав Хәырхәмал идекоративтә ваза. Иахьа ирыԥшааит Валентина Хәырхәмал лусумҭақәа зегьы рҟынтәи еиҳа аҵакы змоу – аскульптуратә композициа «Аҽыбӷаҟаза хәыҷқәа» (Маленькие наездники»). Ари еицырдыруа усумҭоуп. Уи изныкымкәа Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа рҿы иқәдырглахьан», – ҳәа иҳәеит Амилаҭтә сахьатә галлереиа адиректор Сурам Сақаниа.
Мшаԥымза 1, 1925 шықәса рзы Аԥсны Асоветқәа Реизара Ду аҿы ирыдыркылаз Аԥснытәи АСР Аконституциа излаҳәоз ала, Аԥсны – ихьыԥшыму ҳәынҭқарраны ишьан.
Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны «Аԥсны иахьаҵанакуа зехьынџьара егьи амчра аҟынтәи ихьыԥшымкәа аҳәынҭқарратә мчра анагӡарала» асуверенитет ахьарбаз Аконституциа рыдыркылеит Аԥсны Асоветқәа Реизара Ду аҿы мшаԥымза 1, 1925 шықәса рзы.
Ари ареспублика аконституциатә статус шьақәгыланы иҟан 1931 шықәсанӡа, Аԥсны Қырҭтәылатәи АСР автономиа аҳасабала алалара ҟалаанӡа.
1925 шықәсазы ирыдыркылаз Аконституциа инақәыршәаны, Аԥсны, иҷыдоу аидгыларатә еиқәшаҳаҭра ашьаҭала Қырҭтәыла иадланы уи ала Кавказнҭыҵтәи Асоциалтә Афедеративтә Советтә Республика иалалон, анаҩс иарбоу Ареспублика аилазаараҿы Асоветтә Социалистә Республикақәа Реидгыла аилазаара иалалон. Абра заҵәык акәын Қырҭтәыла иарбоу аусшәҟәы аҿы иахьарбахоз. Иара убас ари аусшәҟәы иарбан Аԥсны ԥынгыларада Кавказнҭыҵтәи Асоциалтә Афедеративтә Советтә Республика аилазаара еиԥш Асоветтә Социалистә Республикақәа Реидгыла аилазаарагьы алҵра азин шамоу арбан.
Аԥсны аполитикатә ҭоурых аусшәҟәқәа реизга «XX ашәышықәсазы Аԥсны Аконституциақәа» (аредактор – афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Виачеслав Чыркба) аҿы раԥхьатәи Аконституциа апроект аиқәыршәара иазку аусура хада 1922 шықәса инаркны 1925 шықәсанӡа имҩаԥысуан ҳәа иазгәаҭоуп.
Ари аамҭахәҭа аҩныҵҟа ареспублиа агерби абираҟи, иара убас Алхратә Комиссиа Хада азы, жәлар ркомиссариатқәа, аӡбареиҿкаара, уҳәа рзы аԥҟарақәа шьақәырӷәӷәан. Иара убасҟан ауп аусура ианалагаз Аԥснытәи АСР ашьаустә, атәылауаҩратә, ашьаусеиҿкааратә, адгьылтә, абнатә Закәанеидкылақәа.
21 хи 116 хәҭаҷи рыла ишьақәгылоу Аконституциа аҿы аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рсистема зегьы инарҭбааны ахҳәаа ҟаҵоуп, жәлар рынхамҩеи афинансқәеи рнапхгараҭара, иара убас аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи алхратә зинқәеи алхрақәа рымҩаԥгара аԥҟарақәеи арбоуп. Аԥснытәи АСР аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рбызшәаны ишьақәыргылан аурыс бызшәа. Аамҭак ала ареспублика иқәынхо егьырҭ амилаҭқәа зегьы рхаҭарнакцәа амилаҭ-культуратә еиԥш азеиԥшҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы ихьыԥшым аҿиареи ахатәы базшәа ахархәареи рзы азин шрымоу уи ахьчара шаиуо инаҵшьны иазгәаҭан.
Аконституциа ахәҭаҷ 86 аҿы ишарбоу ала, аусқәа рыӡбараан жәлар рыӡбарҭа Аԥснытәи АСР аҵакыраҿы азинмчы змоу азакәанеидкылақәа, адекретқәа, ақәҵарақәа аднакылоит, убри аан азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәа рыҟамзара, мамзаргьы урҭ инагӡаны рышьақәмыргылара аан, асоветтә закәанԥҵара азеиш ԥҟарақәеи Аусуцәеи Анхаҩцәеи Рнапхгара азеиԥш политикеи нагӡахоит.
Узырччаша, угәалаҟазаара шьҭызхуа аҿыҵга: Мшаԥымза 1 рзы - Аччара Амш азгәарҭоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адунеизегьтәи аччареи аиумори Рымш атәылақәа жәпакы рҿы есышықәса иазгәарҭоит мшаԥымза 1 азы. Ишԥацәырҵи ари аныҳәа, еиуеиԥшым атәылақәа рҿы уи шԥазгәарҭои? Убри атәы шәаԥхьар ҟалоит Аԥсныпресс аматериал аҿы.
Раԥхьаӡа иабацәырҵи ари аныҳәа
Аччара Амш ашәышықәсақәа раԥхьа азгәаҭара иалагеит. Уи раԥхьа иахьцәырҵыз алкаара уадаҩуп иахьа. Аверсиақәа акыр ирацәоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ааԥынтәи амши аҵхи реиҟарара, ажәытәримтәи афестиваль Хилариа, иара убас афранцыз ҳәынҭқар Карл IX 1564 шықәсазы иҭижьыз Руссильонтәи аедикт. Аныҳәа ацәырҵра азы ақәырԥшқәа уԥылоит иара убас XIV ашәышықәса иатәу алитературатә хыҵхырҭақәак рҿы. Иаагозар, Џьофри Чоссер иажәабжь «Аберҭыԥтәи акапеллан иажәабжь» («Рассказ монастырского капеллана»), аҿы, Едуард де Дене 1561 шықәсазы ииҩыз иажәеинраала аҿы. Аверсиақәа зегьы рҟынтәи еиҳа аҵабырг иазааигәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп Едуард де Дене иажәеинраала. Уи асиужет максималла аныҳәа аҟазшьеи аҵаки аанарԥшуеит ҳәа иазгәарҭоит. Амаҵуҩы иҵакыдоу адҵақәа иоуеит, аха урҭ рынагӡара апроцесс аан ауп урҭ иреалу адҵақәа шракум, хәмаршақәа иҟаҵоу шраку еилкаахоит.
Еиуеиԥшым атәылақәа рҿы еиҳа ишьақәгылаз атрадициақәа ԥшьба.








