pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, Аԥсныпресс.  Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Ахашәала ашәахтә азы» Азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

 «Аиҿкаарақәа рхашәала ашәахтә азы» Азакәан аиҭакрақәа ралагалара хықәкыс иамоуп аинвистициатә дыԥхьалараз еиҳа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵарала аекономика арҿиара.

«10% иҟоу азыԥҵәа аиурист хаҿқәа рҟынтә ахашәала зауа акционерцәагьы анаплакытә усураҟынтә ахашәала зауа хазхаҭалатәи ахаҿқәагьы ирзеиԥшуп» - ҳәа иаҳәоит азакәан апроект иацу аилыркаага аҟны.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Алықьса Шьониа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәсазы иара 101 шықәса ихыҵра азгәеиҭеит.

1942 шықәсазы Алықьса Шьониа хатәгәаԥхарала афронт ахь дцеит. Иара далахәын Донбасс, Ҟрым, Керч, Ростов-на-Дону ахақәиҭтәразы аидысларақәа. Ростовтәи аобласти Киеви рхақәиҭтәразы аидысларақәа раан ахәрақәа иоуит.

Алықьса Шьониа иара убасгьы далахәын 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Тҟәарчалҟа инеиуаз амҩақәеи ацҳақәеи аминақәа рыҵеиҵон. Ақалақь ианалахысуаз инапы ахәра аиуит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нодар Кәарҷиа «Аԥсны Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп. Уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

«Иҳараку анагӡаратә ҟазара азы, аԥсуа культура аҿиараҟны иҟаиҵаз алагала ду азы, аҿарацәа реиҵааӡараҿы иџьабаазы «Аԥсны Жәлар рартист» ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵазааит Аԥсны акомпозиторцәа Рхеилах ахантәаҩы, жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи ансамбль «Ерцаху» амузыкатә напхгаҩы Нодар Ардон-иԥа Кәарҷиа», - ҳәа иазгәаҭоуп Аусԥҟа атекст аҟны.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Марина Колесникова «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьахеит. Убри азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

«Аҭҵаарадырраҿы аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы ллагалеи, аҵарауаа разыҟаҵараҿы лџьабааи рзы аҭоурыхҭҵааҩы, Урыстәыла аҭоурых акафедра апрофессор, Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә Университет Агуманитартә Институт аиҳабы Марина Евгени-иԥҳа Колесникова «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» ҳәа ахьӡ лыхҵазааит», - ҳәа иаҳәоит Аусԥҟа атекст аҟны. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынза 21 рзы Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы «2023 шықәсазы Аԥсны иреиӷьу аспортсмен» иалкаара иазку акомиссиа аилатәара мҩаԥысит, ҳәа адыра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, уи ихаҭыԥуаҩцәа Беслан Карчааи Роман Цкәуеи, ахантәаҩы ицхырааҩ Рафаель Амԥар, Аҳәынҭеилакы аспорттә ҟәша аспециалист хада  Ерик Лагәлаа, Аҳәынҭқарра Ахада аспорт азҵаарақәа рзы иабжьгаҩ Ахра Ашәба, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа   адиректор Ельза Ҳагба, аспорттә журналист  Алеқсандр Коӷониа, ажурналист, аполитолог Инал Хашыг зеилазаараҿы иҟоу акомиссиа  инҭырҳәцааны акандидатурақәа зегьы ирыхәаԥшит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аҳәынҭқарратә баџь азы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада есымшатәи ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.

Иарбоу азакәан апроект Аԥсны аҵакыраҿы ашәҟәы иҭаргало аҳәаанырцәтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ирымырхуа аҳәынҭқарратә баџь ахышәаҵышәа аиҭакра азыԥхьагәанаҭоит.

Ажьырныҳәа 1, 2024 шықәса инаркны «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аамҭала иҟоу аҳәаанырцәтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ашәҟәы рҭагалара амҩаԥгара аԥҟара ашьақәырӷәӷәаразы» Аԥсны Аминистрцәа реилазаара жьҭаарамза 13, 2023 шықәсазы ирыдыркылаз ақәҵара № 106 азакәанмчы аиуеит. Ашәҟәы аҭагаларазы азакәан ишьақәнаргылаз ахышәаҵышәала ирымххоит аҳәынҭбаџь.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Геннади Пачалиа «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

«Шықәсырацәалатәи лҵшәабзиалатәи иусуразы, иҳараку изанааҭдырра азы. «Аԥсны акультура Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит Ареспублика Аԥсны аҵара зҵо аҿари анаукеи аҵарадырреи русзуҩцәеи  рзанааҭеидгыла Ареспубликатә комитет адиректор Геннади Лев-иԥа Ԥачалиа» , – ҳәа иаҳәоит ԥхынҷкәынмза  21, 2023 шықәсазы знапаҵыҩра мҩаԥгаз Аусԥҟа аҿы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22,  2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра Ашҭаҿы ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ хада аартра  иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит. Ахақәиҭра ашҭаҿы есышықәсеиԥш, сынтәагьы идырԥшӡеит, аԥсаӡ идыргылаз адагьы, апарк ахы-аҵыхәеи аҩычагақәа шьақәдыргылеит, алаҟәтә персонажқәа рыла идырԥшӡеит. Аус руеит ахаа-мыхаақәеи иԥхоу арыжәтәи ахьырҭиуа апавилионқәа.

Адәахьы аԥша шықәызгьы, ашҭа уаала иҭәын. Арахь имҩахыҵит хыԥхьаӡара рацәала аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцеи. Аконцерт еиҿкаахеит. Араҟа зықәра наӡоу анагӡаҩцәа реиԥш авокалтә студиақәа, аҟазара школ аҵаҩцәа, ансамбльқәа  «Иаирума», «Абаза», «Кәыдры» рҟынтәи артист қәыԥшцәагьы ықәгылон.

Ақалақь ахада  Беслан Ешба аҟәаа иааиуа Ашықәс Ҿыц аныҳәа рыдиныҳәалеит:

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа 2024 шықәсазтәи абиуџьетнҭыҵтә фондқәа ԥшьба рбиуџьетқәа рыдыркылеит.

Абиуџьетқәа зегьы адефицит змам биуджетқәоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Апсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәараҟны аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Аҳасабеилыргаратә шәҟәҭагаларазы» азакәан аԥсахрақәа аларгалеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи афинансқәеи рзы апараламентә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.  

«Аҳасабеилыргаратә шәҟәҭагаларазы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект аҳасабеилыргаратә шәҟәҭагалара аусхк аҟны аелектронтә хархәагақәа рырҭбаара, афинанстә гәаҭара аусбарҭақәа рзы аҳасабеилыргаратә ҳасаббара армариара иазырхоуп.

«Иҟоу азакәанԥҵара ахь зыдгалара мҩаԥгоу аиҭакра аиуристә ҵакы змоу аелектронтә усшәҟәқәа реимадара, рхархәара иацхраауеит; афинанстә гәаҭара аусбарҭақәа рзы аҳасабеилыргаратә ҳасабырба аелектронтә формала амаҵзура "1С-Отчетность" ала анашьҭра (аиҿкаара анапхгаҩы иҟантәи агәрагага ыҟазар);.

аҳәынҭқарратә информациатә системақәа аус рыцура армариара», – ҳәа иазгәаҭоуп азакәан апроект иацу аилыркаага аҿы.

Азакәан иалагалахо аиҭакрақәа аелектронтә напынҵамҭа, уи ахкқәеи ахархәашьеи ирыдҳәалахоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.